Рауль Ҳаџьымба идикылеит Ақәԥаразы Урыстәыла аолимпиатә еидгыла алахәылаҩцәа

© Sputnik / Сария КварацхелияРауль Ҳаџьымба идикылеит Ақәԥаразы Урыстәыла аолимпиатә еидгыла алахәылаҩцәа
Рауль Ҳаџьымба идикылеит Ақәԥаразы Урыстәыла аолимпиатә еидгыла алахәылаҩцәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада дадгылеит Зых иақәиҭу ақәԥаразы Урыстәыла иеизгоу аолимпиатә команда ҳҳәынҭқарраҟны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргаразы ажәалагала.

АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Амҽыша, хәажәкыра 31 рзы Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба дырԥылеит Зых иақәиҭу ақәԥаразы Урыстәыла иеизгоу аолимпиатә команда алахәылаҩцәа рделегациа.

Аҳәынҭқарра ахада аспортсменцәа аԥсшәа раҳәо, иазгәеиҭеит Аԥсны аспорттә традициақәа бзиақәа еснагь ишамаз.

"Ҳара ҳзы игәахәара дууп еснагь ибзиаз ҳаимадарақәа иҵегьы рҽахьдырҭбаауа. Ҳаспортсменцәа адунеи аҟны еицырдыруеит. Ҳара ҳаспорттә традициақәа ирымоуп аҭоурых ҵаула", - иҳәеит Ахада.

Урыстәыла зых иақәиҭу ақәԥаразы Зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Марик Тедеев Рауль Ҳаџьымба иҭабуп ҳәа иеиҳәеит иахьидикылаз азы, иагьазгәеиҭеит Аԥсны аҽазыҟаҵара дара рзы ишхәарҭара дуу.

Зых иақәиҭу ақәԥараз Урыстәыла Ацентртә федералтә округ ачемпионат - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи аспортсменцәа зых иақәиҭу ақәԥараз Урыстәыла ачемпионат ахь инеит

"Ҳара иаҳҭахуп шықәсык ахь знык иадамхаргьы Аԥсны ҳҽазыҟаҵарақәа мҩаԥаҳгаларц. Уи азы ара аҭагылазаашьа даара иманшәалоуп", - иҳәеит иара, аспортсменцәа зегьы ргәаҳәара Аԥсны ахада иаҭакуа.

Рауль Ҳаџьымба асасцәа ззааҭгылаз азҵаара дахаҵгылеит, дагьадгылеит Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара иҟоу аспорттә еимадарақәа еиҳагьы рырҭбаара аус.

Аиԥылараҟны Аԥсны Ахада аурыс спортсменцәа Аԥсны Амилаҭтә банк агәаларшәагатә монетақәа ҳамҭас ириҭеит.

Аршба: Жәларбжьаратәи аолимпиатә комитет алаларазы шьаҿак ҟаҵоуп

 

Ажәабжьқәа зегьы
0