Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Возба "Иаирума" Москва ақәгыларазы: актәи аҭыԥқәа ахьаанаҳкылаз сеигәырӷьоит

© Sputnik / Илона ХварцкияВахтанг Возба
Вахтанг Возба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рартист Вахтанг Возба арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит напхгара зиҭо ахәыҷтәы акәашаратә студиа "Иаирума" алахәцәа Урыстәыла аҳҭнықалакь аҟны имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аицлабраҟны актәи аҭыԥқәа шааныркылаз.
Возба "Иаирума" Москва ақәгыларазы: актәи аҭыԥқәа ахьаанаҳкылаз сеигәырӷьоит

"Москва абаҩхатәрақәа рыгәра агоит" захьӡыз афестиваль аҟны ибзианы ҳрыдыркылеит. Ахәыҷқәа қәрала ишаны х-гәыԥк ҳгеит, зегьы рықәгыларақәа рҟны актәи аҭыԥқәа ааныркылеит. Актәи аҩаӡара змоу алауреатцәа ҳәа ҳалкаан. Агран-при ҳзымгеит, аха егьыс аиааирақәа иаҳгаз маҷӡам. Убасгьы, асценатә костиум дырбараҟны аԥсуа маҭәа рышәҵаны аӡӷабцәа ахьыкәашоз актәи аҭыԥ аанаҳкылеит. Афестиваль иалахәыз даара ирацәан, зықьҩык инарзынаԥшуа ахәыҷқәа. Агран-при занаршьаз аколлектив ҳаасҭа қәрала еиҳан, уамашәагьы ибзиан. Ҳара актәи аҭыԥқәа ахьаанаҳкылаз сеигәырӷьоит, иақәнагоуп ҳәа азысыԥхьаӡоит. Уажәшьҭа ааԥхьара ҳамоуп Санкт-Петербургҟа. Ари афестиваль аҟны иаиааиз жьҭаарамзазы уа иқәгыларц ааԥхьара рырҭеит, уаҟа асупер-финал мҩаԥгахоит", - иҳәеит Возба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0