Атурниртә таблицаҿы галтәи "Самырзаҟан" аҵыхәтәантәи аҭыԥ ааннакылеит

© Foto / rawpixelФутбол
Футбол  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи "Динамои" галтәи "Самырзаҟани" рыхәмарра 35-тәи аминуҭ азы иааиртит Нигериатәи ашьапылампыласыҩ Стивен Адеподжи.

АҞӘА, мшаԥы 3 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат аҟны аҟәатәи аклуб "Динамо" галтәи "Самырзаҟан" иаиааиит 3:0 ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ареспублика ашьапылампылтә лига адиректор Витали Федоренко.

Гагра - Нарҭ  - Sputnik Аҧсны
"Гагра" аҟәатәи "Нарҭ" иаиааит ашьапылампыл азы ачемпионат ажәбатәи атур аҿы

35-тәи аминуҭ азы Нигериатәи ашьапылампыласыҩ Стивен Адеподжи ампыл амба иҭаиршәит. Аҩбатәи атаим аҿы ахәмарцәа руаӡәк дзыԥсахыз Гарри Чепниан 81-тәи аминуҭ аан аҩбатәи ампыл ҭеиршәит.

Афиналтә мпыл амба иҭаиршәит Багаҭелиа Аслан.

"Аханатәгьы аҟәатәи акоманда аԥыжәара шамаз ааԥшуан. Актәи атаим аан "Самырзаҟан" аҽазышәарақәа мҩаԥнагон, аха аҩбатәи атаим аан иҭадыршәыртә еиԥш аҭагылазаашьақәа шрымазгьы ампыл аҭаршәра рылымшеит", - ҳәа еиҭеиҳәоит Федоренко.

Аҟәатәи "Динамо" аиааира атурниртә таблицаҿы галтәи "Самырзаҟан" аҵыхәтәантәи аҭыԥ аҿы иаргылеит.

"Афон" ачемпионат атурниртә таблицаҿы ахԥатәи аҭыԥ аанакылеит

Ажәабжьқәа зегьы
0