Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарцхьиаԥҳа еиҭалҳәеит Гәдоуҭатәи аџьармыкьаҿы аҭагылазаашьа зеиԥшроу

© Sputnik / Томас ТхайцукСария Кварацхелия
Сария Кварацхелия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik Аԥсны апроект "Араион иаҭааз" аҳәаақәа ирҭагӡаны акорреспондент Сариа Кәарацхьиаԥҳа дыҟан Гәдоуҭатәи аџьырмыкьаҿы, уаҟа илбаз илаҳаз атәы дазааҭгылеит арадио амҩаԥгаҩ Cусана Саӡԥҳа данлыҿцәажәоз.
Араион иаҭааз: Кәарацхьиаԥҳа Гәдоуҭатәи аџьырмыкьа иазкны

"Аԥсны араионқәа рҟны аус анаҳуа раԥхьа инаргыланы ауааԥсыра рыԥсҭазаашьа еилаҳкаауеит, дара ирымоу ауадаҩрақә ртәы, араион аҿы иҟоу аҿыцрақәа уҳәа. Уажәазы, саҭааит Гәдоуҭа, аус зуан аџьырмыкьаҿы. Шьыжьнаҵы уаҟа аԥсҭазаара аилышра иалагоит. Аусуратә мшы азы ҳаҭааит, аҟнытә ауаа маҷын. Аџьырмыкьа аҩныҵҟа аус зуа ирымоуп рхатә ҭыԥқәа, егьырҭ ақыҭа аҟынтә иаауа урҭ рхала раалыҵ рҭиуеит. Уажәазы ицәырыргоит ахәысхәа, ирҭиуеит акәытқәа, ашә, ахш уҳәа. ажәакала, аҩны иаадрыхуа ирааӡо зегьы. Аҟәатәи Гәдоуҭатәи аџьырмыкьақәа рҿы ахәқәа еиҿурԥшуазар, еиҟароуп ҳәа уҳәар алшоит. Ашәырқәеи ауҭраҭыхқәеи ртәы ҳҳәозар, рыхәқәа Аҟәа аасҭа еиҳа еиҳауп, ахаҭабзиарагьы усҟак ибзиам, аҳҭнықалақь аҿы иаҳа иалухыр улшоит, насгьы дара хаз игоу аҭыԥ рзалхӡам, аџьырмыкьа анҭыҵ ауп иахьырҭиуа. Зны-зынла иҟалалоит аахәаҩцәа рмашьына имҭыҵкәа ианыхәҳаахәҭуагьы", - ҳәа лҳәеит Кәарцхьиаԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0