Кәтол иҟалаз ахҭыс аганахь ала агәҩара ззыҟоу даанкылоуп

© Sputnik / Екатерина Чеснокова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраархивтә фото
архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩаша, мшаԥы 2 рзы Кәтол ақыҭа аҩнқәа руак аҿы арҭҟәацга ԥжәеит.

АҞӘА, мшаԥы 4 - Sputnik. Аусҭҵаара-оперативтә усурақәа ирылҵшәаны Кәтол иҟалаз ахҭыс аганахь ала агәҩара ззыҟоу даанкылоуп ҳәа аанацҳауеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә саит.

"Аусҭҵаара-оперативтә усурақәа ирылҵшәаны Кәтол иҟалаз ахҭыс аганахь ала агәҩара ззыҟоу, 1994 шықәса рзы ииз Воуба Даур Ҳаџьараҭ-иԥа даанкылоуп. Воуба Даур иҿахәы иҿырхуеит", - ҳәа аҳәоит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә саит.

Уи адагьы ареспубликатә наркологиатә диспансер аҿы амедицинатә гәаҭара иахрыжьыз Даур Воуба анаркотикатә маҭәашьар "метадон", идкыланы дыҟан.

Очамчыра араион апрокуратура аусҭҵаара мҩаԥнагоит.

Очамчыратәи ахәышәтәырҭа аҳақьым хада лхаҭыԥуаҩ лыҩны арҭҟәацга ԥжәеит

Ажәабжьқәа зегьы
0