Урыстәыла Амшынеиқәатә флот агәыԥқәа НАТО аҽазыҟаҵарақәа ирхылаԥшуеит

© Sputnik / Алексей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәыла Амшынеиқәатә флот
Урыстәыла Амшынеиқәатә флот - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амшын еиқәа алада-мраҭашәаратәи ахәҭаҿы мшаԥы 8 рзы иалагеит НАТО аҽазыҟаҵарақәа Sea shield-2019.

АҞӘА, мшаԥы 8 - Sputnik. Урыстәыла Амшынеиқәатә флот агәыԥқәа НАТО аҽазыҟаҵарақәа ирхылаԥшуеит, иҟалар зылшо аҭагылазаашьақәа бааԥсқәа рхылаԥшра мҩаԥыргоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Аҭыԥ заур алшо, аҽазыҟаҵарақәа рҳәаа иҭыҵуа аҭагылазаашьақәа раԥырҟәҟәааразы Урыстәыла арра-мшынтә флот аӷбақәа иақәнагоу ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит. Иазыхианы иҟоуп амшынҟәаратә ракетатә комплексақәа "Бастион", "Бал", амшынтә авиациа аҳаирпланқәа, аԥшыхәратә ӷбақәа", - аҳәоит адырраҭараҿы.

НАТО аҽазыҟаҵарақәа Sea shield-2019 иалахәуп ЕАА, Болгариа, Бырзентәыла, Канада, Нидерланды, Румыниа, Ҭырқәтәыла рыӷбақәеи рҳаирпланқәеи. Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп Қырҭтәылеи Украинеи.

НАТО аӷбақәа ҩба Одессатәи амшынбаӷәаза иҭалеит>>

 

Ажәабжьқәа зегьы
0