Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳагәышь: Мамзышьха амцакраан аҵла дуқәа уамак ԥырхага рмоуит

© Foto / предоставлено Бесланом ХагушБеслан Хагуш
Беслан Хагуш - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион абнахылаԥшҩы хада Беслан Ҳагәышь арадио Sputnik аҟны иҳәеит Мамзышьха иахьаҵанакуа абылра иахҟьаны аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Ҳагәышь: Мамзышьха амцакраан аҵла дуқәа уамак ԥырхага рмоуит

"Абылра ахьыҟалаз макьана иҳамԥхьаӡацт, аха ҳахьынаԥшуа иаҳбоит ҩажәаҟа гектар шаҵанакуа. Амца аҵлақәа рхахьы имхалаӡеит, еиҳараӡак аҭыраси амӷреи роуп ибылуаз. Аҵла дуқәа усҟак пырхага рнамҭеит, ахҿарах блит. Еиҳараӡак уа иҟоу Пицундатәи амза ҳәа изышьҭоу аҵлақәа роуп. Иахьагьы амца арцәара ҳаҿуп, ҩба-хԥа ҭыԥ ыҟоуп аҵла дуқәа амца ахьыркыз, убарҭ ҳзырцәозар ҳәа ауп. Амцакра ҟамлар акәын, аха ианыҟалагьы арцәараҟны ацхыраара ҳарҭеит аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра авертолиот, амцарцәаҩцәа, усҟак аԥырхага ду ҟамлеит", - иҳәеит Ҳагәышь.

Мамзышьха амца артәара алыршахеит

Мамзышьха амца акит амҽыша, мшаԥы 7 рзы. Иара убри амш аҽны Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы  аминистр Лев Кәыҵниа амца ахьакыз аҵакыра дахыԥрааны ибеит. Амцарцәаҩцәа амца дырцәон авертолет Ми-2 рхы иархәаны.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Ажәабжьқәа зегьы
0