Мамзышьха амца артәара алыршахеит

© Sputnik / Акоп КущянМамзышьха амца артәара алыршахеит
Мамзышьха амца артәара алыршахеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мамзышьха амца акит амҽыша, мшаԥы 7 рзы.

АҞӘА, мшаԥы 9 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ашьхараҿ амцакра аиҳара ырцәоуп ҳәа Sputnik иазааицҳаит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа.

Мамзышьха амца акит - Sputnik Аҧсны
Мамзышьха амца акит

"Уаанӡа ашәара ҳаман ҳамчала амцарцәара ҳзалыршарым ҳәа. Убри азы урыстәылатәи ҳколлегацәа рахьгьы аҳәара ҟаҳҵахьан ацхыраара ҳарҭарц. Аха ҳхатәы мчқәеи ҳареи ҳаизибархеит. Ашьха акьацәраҿыҵәҟьа алҩа убарҭоуп аха иахьа шьыбжьышьҭахь уа ҳахыԥрааны иҟаҵатәу шьақәҳаргылоит. Иааидкыланы иуҳәар ауеит амца тәеит ҳәа", - иҳәоит аминистр.

Лев Кәыҵниа иазгәеиҭеит АҶА аусзуҩцәа иалшоз зегь шыҟарҵаз амца ауаа реиланхарҭақәа ирзааигәамхарц.

"Уи аҩыза ашәарҭара ыҟан, аха ҳусзуҩцәа ахылаԥшра ҟарҵеит. Уажәазы шәарҭара ыҟам", - ҳәа иҳәеит иара.

Амцакрақәа аҭыԥ рыман Гагра, Гәдоуҭа, Очамчыра, Гәылрыԥшь араионқәа рҿгьы.

"Амцакрақәа реиҳара зыхҟьо ауаа роуп. Ауааԥсыра рахь аҳәара ҟаҳҵоит агәҽанызаара рымазарц. Иблыз, иқәӡааз абна аиҭашьақәыргылара ашықәсқәа аҭахуп", - ҳәа иҳәоит Кәыҵниа.

Аԥсны АҶА рвертолиот Ми-2 Мамзышьха амцарцәара иалагеит

Мамзышьха амца акит амҽыша, мшаԥы 7 рзы. Иара убри амш аҽны аминистр Лев Кәыҵниа амца ахьакыз аҵакыра дахыԥрааны ибеит. Амцарцәаҩцәа амца арцәара иалагеит авертолет Ми-2 ахархәарала.

Ажәабжьқәа зегьы
0