Ахашшааратә ӡбарҭа агәаанагарала Едуард Адлеиба иганахь ала ахарадҵа иашоуп

CC0 / / архивтә фото
архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа аӡбарҭа Едуард Адлеиба ихьчаҩцәа рзыҳәа мап ацәнакит, аӡбарҭа ахарадҵара иашоуп ҳәа ахнаҳәааит.

АҞӘА, мшаԥы 10 - Sputnik. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа аӡбарҭа, Гәымсҭа ақыҭауаҩы Рафик Чолакиан ишьрази уи иԥшәмаԥҳәыс Лиудмила Матосиан лышьразы иҽазышәареи рзы 18 шықәса ҭакрала ихигарц изқәырҵаз Едуард Адлеиба ихьчаҩцәа рзыҳәа мап ацәнакит, аӡбарҭа ахарадҵара иашоуп ҳәа ахнаҳәааит. Абри атәы аҳәоит аофициалтә саит.

Верховный суд Абхазии - Sputnik Аҧсны
Рафик Чолакиан ишьра иазку аус ала аӡбарҭаҿ ашаҳаҭ лҿахәы лҿырхит

Аӡбарҭа ахьчаҩцәа рышьақәырӷәӷәагақәа ҵаҵӷәы рымам ҳәа иаԥхьаӡеит, аӡбарҭа азыӡба азакәан шьаҭа амоуп иагьиашоуп ҳәа иаԥхьаӡеит.

Едуард Адлеиба, 2017 шықәса мшаԥы 5 рзы ижәны Рафик Чолакиан иҩныҟа днеиит. Аԥшәмеи асаси ирыбжьалаз аимак иахҟьаны Адлеиба Чолакиан деихсны дишьит, иԥшәмаԥҳәыс лышьразы лхы тапанчала дасит.

2018 шықәса ԥхынҷкәын 19 рзы Едуард Адлеиба иганахь ала азыӡба рыдыркылеит. Иара амчра аиуит 2019 шықәса мшаԥы 9 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0