Италиатәи ахор зықь-евро Аԥснытәи ахәыҷы лыхәышәтәразы еизнагеит

© Sputnik / Сария КварацхелияВиктория Айба
Виктория Айба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" жә-шықәса зхыҵуа Викториа Аиԥҳа лзы аԥареизгара хнаркәшеит.

АҞӘА, мшаԥы 10 – Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. Италиа арра-милаҭтә хор "Coro della Brigata Alpina Tridentina" ҳфонд ахь иианагеит зықь-евро, Викториа Аиԥҳа лыхәышәтәразы ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит афонда анапхгаҩы Мактина Џьынџьалԥҳа.

Викториа Аиԥҳа - Sputnik Аҧсны
Викториа Аиԥҳа аоперациа иаарласны илзутәуп

Лара лажәақәа рыла ахор, Италиа ақалақьқәа рҿы аконцертқәа мҩаԥнагоит, агәыҳалалратә фондқәа ирыцхраауеит. Ҩышықәсаҟа раԥхьа дара ираҳаит афонд "Ашана" аӡбахә.

"Ҳџьынџьуаҩ Аида Сақаниаԥҳа, ахор алахәылацәа руаӡәы иԥшәма ԥҳәыс лоуп. Лара илыбзоураны ҳфонд аӡбахә раҳаит, иагьырыӡбеит ацхыраара зырҭо егьырҭ афондқәа рсиахь иаҵаркырц. Абар уажәшьҭа ҩышықәсоуп ҳхәыҷқәа алыркаауеижьҭеи. Иацы аҭел иаҳзасит Викториа лыхьӡала зықь-евро шеизыргаз азы. Ари даара узеигәырӷьаша хҭысхеит. Иаҳзымхоз аԥарагьы убри аҟара инаӡон", - ҳәа еиҭалҳәоит Џьынџьалԥҳа.

Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" жә-шықәса зхыҵуа Викториа Аиԥҳа лзы аԥареизгара хнаркәшеит.

Викториа Аиԥҳа мшаԥы 23 рзы Москватәи Ацентр аҿы аоперациа лзыҟарҵараны дыҟоуп.

Италиа арра-милаҭтә хор "Coro della Brigata Alpina Tridentina" афонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа: Гульнара Терзиан, Милена Ҭаниаԥҳа, Самира Габелиаԥҳа ацхыраара рнаҭахьеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0