Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ашәба Аԥсны апарламентарицәа реидгыла аԥҵаразы: ҳхазы акы ҳашьҭам

© Sputnik / Томас ТхайцукНугзар Ашуба
Нугзар Ашуба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иаԥҵоуп апарламентарицәа реидгыла, уи иалалеит уаанӡа Жәлар реизарахь иалхызи иахьазы аус зуа адепутатцәа. Аидгыла инаныгӡо аус атәы Sputnik Аԥсны апресс-центр аҿы имҩаԥысуаз апресс-конференциаҿы иҳәеит апарламентарицәа реидгыла алахәыла Нугзар Ашәба.
Ашәба Аԥсны апарламентарицәа реидгыла аԥҵаразы: ҳхазы акы ҳашьҭам

"Ҳаидгыла иалалоит адепутатцәа "Ахьтәы парламент" ҳәа изышьҭаз аҟнытә. Уи иаанагаӡом ҳара уаҳа напы злаҳкышаз ҳамамызт уи ауп ари аус зхацҳаркыз ҳәа, мамзаргьы ҳхазы акы ҳашьҭоуп ҳәа. Ҳзышьҭоу акызаҵәык ауп, ҳҳәынҭқарраҿы зегь реиҳа иреиҳаӡоу азҵаара ҳҿаԥхьа иқәгылоу,  иӷәӷәоу аҳәынҭқарра аргыларҿы, ҳара иаадыруа ма иҳалшо акыр ыҟазар, уи иацныҟәоу ма уи иазҵаауа ӡәыр дҟалар уи ҳазхиазароуп. Ус агәаанагарақәа ыҟан ари уажәы апрезидент иалхрақәа ааигәахеит уи апу изаԥшьгахаз ҳәа, арҭ ирҭахузеи ҳәа ак зҳогьы дҟалар ауеит. Ҳәарада, доусы ҳаидгыла иалоу ишиҭаху дныҟәоит, ииҭаху дидгылоит, аха егьи абжьарак ҳара ҳзыдгылоу ииашоу,  ҳажәлар ирԥырхагам, ҳаилазмыжьуа ауп. Акандидатцәа ирабжьатәызаргьы убри ҳхахьы иаагар ҟалоит, ишакәым имныҟәарц азы", - ҳәа азгәеиҭеит Ашәба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0