Раԥхьатәи ампылмҳаԥ, нас ԥарала иузаамхәо: Аԥсны аԥқьаҭмпыл аԥеиԥш

© Sputnik / Томас ТхайцукШкола тенниса в Сухуме.
Школа тенниса в Сухуме. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иуадаҩыз аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа рзы Аԥсны аԥқьаҭымпыл аспорт хкы аҿиара атәы Sputnik акорреспондент Асида Кәыҵниаԥҳа ланҵамҭаҿ.

Раԥхьатәи ампылмҳаԥ

"Аибашьра ашьҭахь аԥқьаҭмпыл азы иаҭахны иҟоу амаругақәа рыԥшаара акыр иуадаҩын. Саб, иидыруаз џьоукы рыцхыраарала исзиԥшааит раԥхьатәи ампылмҳаԥ, ҳәа лажәабжь далагоит аԥқьаҭ азы аспорт азҟаза Елизабет Акәыциа. Иара акыр идуун сара сзы, акапангьы маҷмызт. Саб даалаган ахәҵәы иркьаҿит. Иара убри ампылмҳаԥ кноуп амқьаҭмпыл ду ашҟа сышнеиз".

© Sputnik / Томас ТхайцукШкола тенниса в Сухуме.
Раԥхьатәи ампылмҳаԥ, нас ԥарала иузаамхәо: Аԥсны аԥқьаҭмпыл аԥеиԥш - Sputnik Аҧсны
Школа тенниса в Сухуме.

Елизабет Акәыциа Аԥсны амқьаҭмпыл ахыҵхырҭаҟны игылаз дреиуоуп. Жәашықәса рыҩныҵҟа Аԥсны абираҟ даҵагыланы ахәмаррақәа мҩаԥылгон, аиааирақәа лгон.

"Аибашьраан сани сареи Гәдоуҭа ҳаҟан. Гәдоуҭа иаларыжьыз абомбақәа ԥшьба рҟынтәи руак ҳашҭа иҭаҳаит. Уи аԥҽыха снапы иаахеит. Снапы смыхәо сҟалеит. Сҭаацәа ирылшоз зегь ҟарҵон снапы адақәа мҩарц. Амузыкахь сныҟәон, аха иазымхошәа анырба аԥқьаҭмпыл ахь аныҟәара саладыргеит снапы аус ауларцы", - ҳәа еиҭалҳәоит Акәыциа.

Раԥхьатәи атурнирқәа

Раԥхьатәи ареспубликатә турнир мҩаԥысит 1995 шықәса рзы. Аҟәеи, Гагреи, Гәдоуҭеи рыԥқьаҭмпылтә школқәа алахәын, ҳәа еиҭеиҳәоит аԥқьаҭмпыл азы афедерациа аиҳабы Ҭамаз Абӷаџьаа.

Теннисные корты - Sputnik Аҧсны
Ҷыдала аимператор изы: Гагратәи аԥкьаҭ асратә дәы аҭоурых

"Аибашьрашьҭахьтәи аамҭа уадаҩқәа ирыхьмырԥшыкәа Владислав Арӡынба ԥхьаҟатәи аамҭахь дыԥшуан. Иара иоуп изыӡбаз аҿар рыбжьара аспортхкқәа реиҭашьақәыргылара", - иҳәоит Ҭамаз.

1998 шықәса рзы Маиҟәаԥ ақалақь аҟны имҩаԥысуаз аицлабрақәа ирылахәын Аԥснытәи аспортсменцәа. Урҭ рыгәҭа дыҟан Елизабет Акәыциагьы.

"Ҳара ҳзы арҭ атәыла анҭыҵтәи аицлабрақәа раԥхьатәиқәан. Атурнир акыр иуадаҩын. 4-4 сааҭ ицон ахәмарра. Сара афинал ахь снеиит. Ари раԥхьатәи иааиран сара сзы. Сара аспорт ахь снеиит сгәабзиара шьақәсыргыларц, аха ари аиааира ашьҭахь уа сагьаанхеит", - еиҭалҳәоит Елизабет.

© Sputnik / Томас ТхайцукШкола тенниса в Сухуме.
Раԥхьатәи ампылмҳаԥ, нас ԥарала иузаамхәо: Аԥсны аԥқьаҭмпыл аԥеиԥш - Sputnik Аҧсны
Школа тенниса в Сухуме.

Ԥарала иузаамхәо

Ҭамаз Абӷаџьаа иажәақәа рыла ахәмарыҩцәа рҟазареи рҟыбаҩи иахьмырԥшыкәа иҟалоит аԥара иадҳәалоу аҭагылазаашьақәа. Ҳара ҳхәыҷқәа аҟыбаҩ ҷыда рылоуп, аха аҽазыҟаҵара, џьара ацара уҳәа аԥара маҷымкәа ирҭахуп. Уи ҳәарада анырра инаҭоит дарбанызаалак.

Аспортсменка лыҿиара даара ихәҭа алеигалеит лаб. Иара иԥшаауан аспонсорцәа, аԥара. Аха зегь раасҭа иуадаҩыз Аԥсны ахьӡала ақәгылара акәын.

Гагра араион аҟны сават аспорт хкы аҿиара иаҿуп - Sputnik Аҧсны
Гагра араион аҟны сават аспорт хкы аҿиара иаҿуп

"Жәларбжьаратәи атурнирқәа рҟны ҳтәыла ахьӡала ақәгылараз ҳақәԥон. Адунеи аҟны Аԥсны Қырҭтәыла иахәҭакны ирыԥхьаӡоит. Саб илшоз ҟаиҵон усеиԥш иаҳмыхәаԥшларц азы", - лҳәоит Елизабет.

Лара лажәақәа рыла ирацәаҩын лыцхыраара зҭахны иҟаз ауаа.

"2003 шықәса рзы Анкара атурнир салахәын. Уаҟа машәырны дсықәшәеит Бедис Кәарацхьелиаԥҳа. Уи сшаԥснытәыз анеилылкаа лыҩныҟа сылгеит. Ԥшьымз лара лҟны сыҟан. Сахьцалак дсыцын", - ҳәа лгәалалыршәоит аспортсменка.

Аԥсны аԥқьаҭмпыл аԥеиԥш

Аспортсмен икариера нҵәоит аҽазыҟаҵарқәеи атурнирқәа рылахәреи дырҟәаҵыр. Ус акәхеит Елизабет лҭагылазаашьаҟынгьы. Афинанстә уадаҩрақәа аԥыжәара ргеит. Иахьа лара ахәыҷқәа азыҟалҵоит. Ипроблеманы иҟоу иарку акортқәа рыҟамзаароуп лҳәоит лара. Аԥсны аҳауа иалнаршоит ашықәс аҩныҵҟа 8-мзы аҽазыҟаҵара, ҳәа ишьоит азыҟаҵаҩ Саид Бебиа.

© Sputnik / Томас ТхайцукШкола тенниса в Сухуме.
Раԥхьатәи ампылмҳаԥ, нас ԥарала иузаамхәо: Аԥсны аԥқьаҭмпыл аԥеиԥш - Sputnik Аҧсны
Школа тенниса в Сухуме.

"Аԥқьаҭмпыл ҳаҭыр аман иҟалеит. Аспортсменцәа ракәзар алшарақәа рымоуп. 500-ҩык рҟынӡа иахьа ари аспортхкы иалоуп. Урҭ еизҳаларц азы иаҭахуп акортқәа, аспорттә залқәа. Иара ахкы ахә дууп. Аҳәынҭқарра адгылара ҟанаҵароуп", — иҳәоит аспортсмен.

"Адауаԥшьқәа" рыхәмарра

Иахьазы Гагра есышықәса имҩаԥысуеит жәларбжьаратәи атурнирқәа хԥа.

"Ишахәҭоу еиԥш амқьаҭтә база аԥҵара алшар егьырҭ атәылақәа рҟынтәи акомандақәагьы ҳара ҳахь иаалон. Ҳаспортсменцәагьы ироуан аҽазыҟаҵарақәа рзы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа", — иҳәеит Бебиа.

Уажәазы аҳәынҭқарра абри аспорт хкы аҿиара иалахәны иҟам. Аспортсменцәа ҿарацәа рзы аныхрақәа зегьы зыбӷа иқәу аҭаацәа роуп. Аԥсны иалшоит аԥеиԥш бзиа аиурц абри аспорт аганахьала, аха уи азы адгылара ду аҭахуп ҳәа иԥхьаӡоит азыҟаҵаҩ.

Ажәабжьқәа зегьы
0