Урыстәылатәи аӷбақәа Амшын еиқәа акваториа иҭалаз аӷба "Росс" иашьклаԥшуеит

© Foto / страница Canadian Armed Forces Operations в TwitterНАТО аӷбақәа
НАТО аӷбақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Америкатәи аесминец иашьклаԥшуеит аҷаԥшьаратә ӷба "Василий Быкови" аԥшыхәратә ӷба "Иван Хурси".

АҞӘА, мшаԥы 15 - Sputnik. Амшынеиқәатә флот аӷбақәа мшаԥы 14 рзы Амшын еиқәа аҵакыра иҭалаз ЕАА рырра-мшынтә флот аӷба "Росс" иашьклаԥшуеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Урыстәыла Амшынеиқәатә флот - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла Амшынеиқәатә флот агәыԥқәа НАТО аҽазыҟаҵарақәа ирхылаԥшуеит

Амшынеиқәа акваториа ианҭала инаркны "Росс" ашьклаԥшра иалагеит афлот арадиотехникатә хархәагақәа.

Мшаԥымза алагамҭазы алианс атәылақәа Амшын еиқәаҿы Украинеи Қырҭтәылеи рыдгыларазы ауснагӡатәқәа рыдыркылеит. Вашингтон аиԥылараҿы ирыдыркылаз адокумент иазԥхьагәанаҭоит аҽазыҟаҵарақәа, аинформациа аимдара, акваториа абаӷәазақәа рҭалара.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ аҳәамҭа ҟарҵеит аҵыхәтәантәи аамҭазы НАТО ахымҩаԥгашьа арегион аҿы аҭынчра шыҵнашәаауа. Убри аан НАТО ахымҩаԥгашьа "урыстәылатәи агрессиа аанкылара" ҳәа ахнаҳәаауеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0