RT ихацнаркит Халед аль-Хатыб иаԥхьахә аиуразы арзаҳалқәа рыдкылара

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраRT
RT - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Халед аль-Хатыб ихьӡ зху аԥхьахә ранаршьоит аимактә зонақәа рҿы аус зуа ажурналистцәа.

АҞӘА, мшаԥы 16— Sputnik. Ателеканал RT Khaled Alkhateb Memorial Awards алахәхаразы арзаҳалқәа аднакыло иалагеит. Khaled Alkhateb Memorial Awards аԥхьахә ранаршьоит аимактә зонақәа рҿы аус зуа ажурналистцәа. Абри атәы аанацҳауеит RT.

Руслан Хашиг - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҳашыг: Кәыдры аҭарцәраан ажурналистцәа рус ааԥсареи агәацԥыҳәареи ацын

"Аимактә зонақәа рҿынтәи иреиӷьу аусумҭақәа рзы ателеканал RT иранаршьо есышықәсатәи жәларбжьаратәи аԥхьахә Khaled Alkhateb Memorial Awards алахәхаразы арзаҳалқәа аднакыло иалагеит. Аԥхьахә шьаҭаркуп Шьамтәыла иҭахаз ажурналист Халед аль-Хатыб игәалашәара иазкны. Иара RT Arabic аҟны аус иуан. Уажәы ҩынтәуп уи мҩаԥысуеижьҭеи", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аԥхьахә ранаршьоит абарҭ ах-категориак рҿы:

• "Аимак азонаҟынтәи иреиӷьу аусумҭа: Авидео ау",

• "Аимак азонаҟынтәи иреиӷьу аусумҭа: Авидео кьаҿ",

• "Аимак азонаҟынтәи иреиӷьу аусумҭа: Атекст".

Актәи ашықәс азы аиндаҭлара иалахәын 20 тәыла рҟынтәи ажурналистцәа. Аԥхьахәқәа ранашьан Ираки Ирландиеи рҟынтәи аусумҭақәа. Сингапуртәи ажурналист аԥхьахә ланашьан Филиппинқәа атеррористцәа иааныркылаз ақалақь Марави аҟынтәи арепортаж азы.

Ҳашыг Кәыдры аҭарцәраан ажурналистцәа русушьа иазкны: аихьӡара зцыз мшқәоуп>>

Ажиури аилазаара иалахәын урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии ажурналистцәа.

Аԥхьахә Khaled Alkhateb Memorial Awards аҟны аиааира згаз рыхьыӡқәа рыларҳәоит ԥхынгәы 30 рзы, Халед аль-Хатыб иҭахара амш аҽны.

2018 шықәса рзы Владимир Путин Халед аль-Хатыб данҭаха ашьҭахь "Агәымшәараз" амедал ианашьаразы Аусԥҟа инапы аҵеиҩит. Иара ажурналист иҭаацәа рнапаҿы ирыҭан Khaled Alkhateb Memorial Awards аартра ацеремониаан.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0