00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Зеленски икоманда иалало рыхьӡ иҳәеит

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУкраина ахадарахьы акандидат Владимир Зеленски
Украина ахадарахьы акандидат Владимир Зеленски - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Украина ахада иалхра аҩбатәи атур мҩаԥысраны мшаԥы 21 рзы.

АҞӘА, мшаԥы 19 - Sputnik. Украина ахадаразы зкандидатура ықәгылоу Владимир Зеленски аиааира игар, ивагылараны иҟоу рыӡбахә иҳәеит.

Абри аҩыза аҳәамҭа ҟаиҵеит аканал "1+1", апрограмма "Право на власть" аефир аҿы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

• аҩнуҵҟатәи аполитика азҵаарақәа инапы ианҵахоит алхратә штаб ахаҭарнак Дмитри Разумков,

• жәларбжьаратәи аполитикеи, аекономикеи, афинансқәеи – уаанӡатәи афинансқәа рминистр Александр Данилиук,

• азинхьчаратәии акоррупциаҿагыларатәи усура рнапы ианҵахоит акандидат ихаҭарнакцәа Руслан Риабошапка, Галина Ианценко, Денис Монастырски,

• ашәарҭадареи атәылахьчареи рзы – Иван Апаршин,

• аекономикатә хырхарҭа — Даниил Гетманцев,

• абанктә усура— Викториа Стахова,

• аӡбаратә система ареформа аиҭакра лнапы ианҵахоит Ирина Венедиктова,

• аекологиатә хырхарҭа – Олег Бондаренко,

• алхратә закәанԥҵара – Сергеи Кальченко,

• атарифқәеи аенергетикеи рекспертс дҟалоит Андреи Герос,

• аҵареи аҭҵаарадырреи – Сергеи Бабак,

• амедицинатә хырхарҭа - Евгени Комаровски,

• аидеологиатә блок – Руслан Стефанчук.

Украина ахадарахьы акандидатцәа рреитинг шьақәдыргылеит Киевтәи жәларбжьаратәи асоциологиа аинститут аусзуҩцәа. Владимир Зеленски актәи атур аҿы аԥыжәара иоуит. Аҭҵаарақәа инарықәыршәаны, Зеленски изы амҽыша абжьыҭира ргәы иҭоуп 72,2%, Пиотр Порошенко изы – 25,4% респондент.

Украина ахада иалхрақәа - Sputnik Аҧсны
Украина ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур шыҟало рыларҳәеит

2,5% алхыҩцәа абиуллитен ԥхасҭартәуеит ҳәа рыӡбеит. Зеленски идгылаҩцәа рҟынтәи 81,8% агәра ганы иҟоуп иара атәыла ахадас дҟалароуп ҳәа, 12,8% – ргәи-ргәи еилаԥшуеит, 4% - вариантк аҳасабала ихәаԥшуеит. Порошенко иоуп атәыла ахадара заҭәашьатәу ҳәа ирыԥхьаӡоит изазҵааз рҟынтәи 75,7%, 22% - ргәи-ргәи еилаԥшуеит, 1,8% - вариантк аҳасабала ихәаԥшуеит. Изазҵааз реиҳараҩык (57,2%) Зеленски аиааира игоит аҩбатәи атур аан ҳәа рыԥхьаӡоит. Порошенко ииааира иақәгәыӷуеит 14,1%. Аҭҵаарақәа мҩаԥысуан мшаԥы 9 - 14 рзы, Украина арегионқәа зегьы рҟны, Донбасси Лугански аламҵакәа. Иалахәын 2004 респондент.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0