Амиран Какалиа араса ахәышәтәра актәи аетап хыркәшахеит иҳәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук араса
 араса  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иахьаҵанакуа 15 нызқь гектар рҟынӡа араса еиҭаҳауп.

АҞӘА, мшаԥы 24 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ахаша, мшаԥы 24 рзы Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аилацәажәараҿы Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр Амиран Какалиа араса ахәышәтәра актәи аетап хыркәшахеит иҳәеит.

"Ари раԥхьатәи проектуп. Сынтәи ԥышьнызқь гектар рҟынӡа араса ҳхәыәшәтраны ҳаҟоуп. Аԥыза-министр инапынҵала Краснодар ҳаҟан хәажәкырамзазы. Краснодартәи атәылаҿацә ахадареи ҳареи ҳаилаӡеит араса ахәышәтәразы иҳацхраарц", - ҳәа иҳәеит аминистр.

Амиран Какалиа иазгәеиҭеит Краснодарнтәи аҟазауаа ааны ишыҟаз, атәыла араионқәа рҿы атренингқәа шымҩаԥыргаз.

"Арасазы Аԥсны алабораториа аартра азыԥхьагәаҭоуп. Рашәарамзазы араса хынтәны ахәыәшәтра хҳаркәшоит. Уажәы иааны иҟоу аҟазауаа иаҳхәыәштәыз араса аҭагылазаашьа гәарҭоит" ҳәа иҳәеит аминистр.

Аԥсны иахьаҵанакуа 15 нызқь гектар рҟынӡа араса еиҭаҳауп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0