Украина Ацентртә алхратә комиссиа Зеленски ииааира рыланаҳәеит

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУкраина ахадас зкандидатура ықәгылаз Владимир Зеленски
Украина ахадас зкандидатура ықәгылаз Владимир Зеленски - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алхрақәа аҩбатәи ртур аҿы Украина ахада Пиотр Порошенко изы рыбжьы рҭиит 24,45% алхыҩцәа.

АҞӘА, мшаԥы 23 - Sputnik. Украина ахадас зкандидатура ықәгылаз Владимир Зеленски алхрақәа аҩбатәи ртур аҟны 73,22% алхыҩцәа рыбжьы ирҭеит. Абри атәы рыланаҳәеит Украина Ацентртә алхратә комиссиа 100% аелектронтә ԥкаанҵақәа анырыԥхьаӡа ашьҭахь. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

ЦИК адыррақәа рыла 2,31% абиуллетенқәа ԥхасҭоуп.

Зеленски иаҟара уаанӡа аҽа кандидатк абжьы имоуцызт.

Украина ахада иалхраз аҩбатәи атур мҩаԥысит мшаԥы 21 рзы. Еиндаҭлон Пиотр Порошенкои Владимир Зеленскии. ЦИК адыррақәа рыла Зеленски аԥыжәара игеит, 73,22% алхыҩцәа рыбжьы ирҭеит. Порошенко уиаҵахара идикылеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0