Адыга жәлар рбираҟ Амш азгәарҭоит Аҟәа

Адыга жәлар рбираҟ Амш азгәарҭоит Аҟәа
Адыга жәлар рбираҟ Амш азгәарҭоит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Раԥхьаӡа акәны Аԥсны Ачерқьесцәа рбираҟ амш азгәаҭан 2016 шықәса рзы. Иара амш азгәаҭара иалагеит 2010 шықәса рзы.

АҞӘА, мшаԥы 25 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Мшаԥы 25 рзы адыга жәлар рбираҟ Амш азгәарҭоит Аҟәа ақалақь аҿы ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ауаажәларратә еиҿкаара "Адыгэ Хасэ" ахантәаҩы Валери Маремуков.

Ельвира Арсалиа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Арсалиаԥҳа: аԥсуааи адыга жәлари иҳабжьоу адоуҳатә еизааигәара ҽазнык иаҳнырит

"Ашьыжь, асааҭ 10 рзы "Адыгэ Хасэ" аофис аҿы еизараны иҟоуп ауснагӡатә алахәылацәа. Уантәи автомашьынақәа рколлона ахы архоит Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу аҭыԥ ахь. Уа ашәҭшьыҵәрақәа ықәырҵоит", - иҳәоит иара.

Абри ашьҭахь еицу неиуеит Гәымсҭа амшын иахьалало аҭыԥ ахь. Ара, 1993 шықәса, мшаԥымзазы иҭахеит агәыԥ "Ҟабарда" алахәылацәа, ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит. Агәыԥ хадара азиуан Гена Карданов.

Аколлона Аҟәаҟа ианыгьыжьлак абираҟқәа рыманы амшынԥшаҳәа ианысуеит.

"Аныҟәара мҩаԥысуеит асасааирҭа "Интер-Сухум" инаркны Ахьӡ-аԥша Амемориал аҟынӡа", - ҳәа иҳәоит Маремуков.

Асааҭ 15:00 рзы Владислав Арӡынба ихьӡ зху амузеи аҿы аконцерт еиҿкаахоит. Аконцерт иалахәхоит акәашаратә ансамбль "Кавказ", аҿарпынарҳәаҩцәа, Ҟабарда-Балкариа, Ҟарачы-Черқьесск, Адыгеиа, Ингушетиа, Нхыҵ Уаԥстәыла жәлар рартист Черим Нахушев.

Асааҭ 18:00 рзы Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа адыгакәашарақәа мҩаԥысуеит.

Раԥхьаӡа акәны аԥсуа-адыга литературатә фестиваль Аԥсны имҩаԥысуеит

Раԥхьаӡа акәны Аԥсны Ачерқьесцәа рбираҟ амш азгәаҭан 2016 шықәса рзы. Иара амш азгәаҭара иалагеит 2010 шықәса рзы. Адыгатәыла, Ҟабарда-балкариа, Ҟарачы-Черқьесск ари амш инарҭбааны традициак аҳасаб ала иазгәарҭоит.

Иара убасгьы абри амш азгәарҭоит ачерқьесцәа ахьынхо атәылақәа 50 рҟны. 1992 шықәса рзы Адыгатәыла аҳәынҭқарратә бираҟ ҳәынҭқарратә бираҟк аҳасаб ала ишьақәырӷәӷәан.

Абираҟ ианыԥшуа 12 еҵәа адыга хылҵшьҭра дуқәа ирхыԥхьаӡароуп, еихысуа ахҿақәа 3 иналукааша аҭауад жәлақәа рхыԥхьаӡароуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0