Раԥхьаӡа акәны аԥсуа-адыга литературатә фестиваль Аԥсны имҩаԥысуеит

© Sputnik Бадрак АвидзбаПервый абхазо-адыгский литературный фестиваль
Первый абхазо-адыгский литературный фестиваль - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Арифмақәа - Риҵа" захьӡу афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны ААУ афилологиатә факультет аԥсуа бызшәеи алитературеи акафедраҿы имҩаԥган астолгьежь.

АҞӘА, цәыббра 17 — Sputnik, Аинар Ҷыҭанаа. "Аԥсуааи абазақәеи раӡәыкра" ҳәа хьӡыс измаз ари аиԥылара Ҟабарда-Балкариа жәлар рышәҟәыҩҩы Заур Налоев 90 шықәса ихыҵра азгәаҭара иазкын. Аусмҩаԥгатә иаҭааит Аԥсны ахада ицхырааҩ Владимир Занҭариа, аҵарауаа, ашәҟәыҩҩцәа хатәрақәа.

Ҟабарда-Балкариатәи апоет, ауаажәларратә еиҿкаара "ЖАН" анапхгаҩы Зарина Ҟаныҟәа апроект алыршара иамаз амзызқәа дрылацәажәеит. Лара иазгәалҭеит ҳаамҭазгьы аԥсуааи адыгақәеи акультуратә еицәажәара шрыбжьоу.

© Sputnik Бадрак АвидзбаПервый абхазо-адыгский литературный фестиваль
Первый абхазо-адыгский литературный фестиваль - Sputnik Аҧсны
Первый абхазо-адыгский литературный фестиваль

"Ари апроект ҿыц ҳарҿиаҩцәа ҿарацәа рзы еибадыргоуп. Уи ацхыраарала дара ирылшоит аусеицура, насгьы рхатәы аԥҵамҭақәа ҩ-жәларык рыларҵәара", — лҳәеит лара.

Аԥсуааи аҟабардақәеи реимадара атема иациҵеит ААУ афилологиатә факультет аԥсуа бызшәа акафедра аусзуҩы Алхас Қаԥшь.

"Иахьатәи ахҭыс иамоуп ирацәаны ахыҵхырҭақәа, избан акәзар анкьагьы ҳҵарауааи ҳашәҟәыҩҩцәеи еимадан. Анаҩс уи аимадара маҷк ихьысҳахеит, аха аҵыхәтәантәи ажәашықәса иалагӡаны аџьабаа ду бан аимадара аиҭашьақәыргыларазы. Уи дырҵабыргуеит хыԥхьаӡара рацәала имҩаԥгаз аиԥыларақәа, ҳажәларқәа ирыбжьалаз аиҭанеиааира", — иҳәеит иара.

Раԥхьаӡатәи аԥсуа-адыга литературатә фестиваль "Арифмақәа — Риҵа" мҩаԥысуеит цәыббрамза 17 инаркны 19 нӡа. Цәыббрамза 18 рзы иазгәаҭоуп алитература аҭҵааҩцәеи арҿиаҩцәеи аӡиа Риҵа аҟны реиқәшәара.

Цәыббра 19 аҽны, асааҭ 11 рзы имҩаԥгахоит "Адыгаа рмилаҭ цәамаҭәа ахьыӡахра" захьӡу Жанна Шебзухова лмастер-класс. Уи мҩаԥысуеит Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа ахыбраҿы. Анаҩс, 16 сааҭ рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр азал маҷ аҟны имҩаԥысраны иҟоуп Џьамал Теунов ирҿиаратә хәылԥазы. Уи алагьы апроект апрограмма хыркәшахоит.

Апроект алыршахеит Аԥсны акультура аминистрра ацхыраара ала.

© Sputnik Бадрак АвидзбаПервый абхазо-адыгский литературный фестиваль. Возложение цветов
Первый абхазо-адыгский литературный фестиваль. Возложение цветов - Sputnik Аҧсны
Первый абхазо-адыгский литературный фестиваль. Возложение цветов
Ажәабжьқәа зегьы
0