Омар Мерцхәылаа иус Апрокуратура хадахь ирыҭоуп

© SputnikАԥсны Апрокуратура хада
Аԥсны Апрокуратура хада - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Омар Мерцхәылаа, Аҟәа араион Гәымсҭа ақыҭаҿ мшаԥы 17рзы идырмыз хҩык ауааԥсыра дырӷьычит.

АҞӘА, мшаԥы 25 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Омар Мерцхәылаа иӷьычра инамаданы Аԥсны Апрокуратура хада Аҟәа араион апрокуратураҟынтәи аус ахахьы иагеит. Абри атәы Sputnik иазааицҳаит ауаажәларра рнырразы Аԥсны Апрокурор хада ицхырааҩ Даур Амҷба.

архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Гәымсҭа ақыҭан ахаҵа дызӷьычыз рмашьына акәзар ҟалоит ҳәа агәызҩара ззыҟоу ԥшаауп

Аусҭҵаара адыррақәа рыла, мшаԥы 17 асааҭ 22:40 рзы, 1979 шықәса рзы ииз Мерцхәлаа Омар Даҭикәа-иԥа ихатәы машьына Mercedes-Benz Sprinter ала апассаџьыр диманы Гәымсҭа ақыҭа Ешыратәи амҩала дымҩасуан. Амашьына ааныркылеит автомашьына шкәакәа иҭыҵыз, акомуфлиаж форма зшәыз, асабрадақәа зҿаз, бџьарла еибыҭаз хҩык ахацәа. Урҭ Мерцхәлаа имашьына дҭыганы дыргеит.

Аҟәа араион апрокуратура ашьаус хацнаркит.

Аамҭақәак рышьҭахь, Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзуреи русзуҩцәа ирӷьычыз ахаҵа, Омар Мерцхәылаа иԥшааразы аоператив-усҭҵаарақәа анеицымҩаԥыргоз ирбеит автомашьына "Mercedes-Benz". Амашьына рыԥшаати асовхоз "Субтропик" агаражтә хыбрақәа рҿы.

Гәымсҭа ақыҭан еилкаам хҩык ахаҵа дахьырӷьычыз инамаданы аусҭҵаара хацыркуп

Азинхьчаратә органқәа русзуҩцәа амашьына асалон иҭыргеит абџьар, аџьаԥҳаны, акомуфлиажтә форма, асабрадақәа, анапҭырԥақәа. Иара убасгьы амашьына абагаж иҭан Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә номерқәа.

Аҩбатәи агараж аҿы ирбеит уаанӡа имҵарсыз автомашьына "Lexus".

 

Ажәабжьқәа зегьы
0