Урыстәылеи Аԥсныи рыруаа "аӷа" дықәыргеит

Анапаҵаҩра
Аԥсныи Урыстәылеи рыруаа еицымҩаԥырго аҽазыҟаҵарақәа хацыркхеит амчыбжь алагамҭазы.

АҞӘА, мшаԥы 26 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә база аруааи Аԥсны атәылахьчара аминистрра аруааи ашьха-бнара иахьаҵанакуа иҟоу аполигон "Ҵабал" аҿы раԥхьаӡа акәны рхы иадырхәеит "амцатә мацәаз" атактика. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә база апресс-маҵзура.

Аурыс аруаа рҽазыҟаҵарақәа - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи аруаа Аԥсны ашьхарақәа рҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Аҽыхьчара мҩаԥызгоз Урыстәылеи Аԥсныи рыруаа ижәылоз "аӷа" афронт агәҭа даларгалеит, "амцатә мацәаз" захьӡу атактика рхы иархәаны. "Аӷа" акыр ихараны афронт данырзалагала ашьҭахь, артиллериеи атанкқәеи рхархәарала ауааԥсыреи акәылӡтәы техникеи ршьаҟьеит.

Иара убасгьы аҳауатә десант Аԥсны ашьхареи Амшын еиқәа аԥшаҳәа иахьаҵанакуази иртәан.

Аррамаҵзурауаа Ми-8АМТШ "Терминатор" ала аҽазыҟаҵарақәа ахьцоз инаган. Адесант атәара ашәарҭадара рыхьчон авертолетқәа Ка-52 "Аллигатор".

Амчыбжь алагамҭазы хнызқьҩык инарзынаԥшуа Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ аруааи Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аруааи еидҵоу ар ргәыԥ разыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны акоманда-штабтә ҵара-ҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара иалагеит.

Аҽазыҟаҵарақәа рҳәаа иҭагӡаны Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ аруааи Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аруааи аԥшыхәрақәа мҩаԥыргеит аԥырҩы дызҭам аԥрыгақәеи, аԥшыхәратә комплексқәеи, аимадара анапхгара КРУС "Стрелеци" алархәны.

Урыстәыла Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа  - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи аруаа Аԥсны "аӷа" иминақәа ыҵырхит

Абомба кажьгақәа Су-34, Су-24 аҳаракыраҟынтәи абомбақәа рықәрыжьуан кәылӡыла ихҩаз "аӷа" итехника, аполигон "Ҵабал" иҟоу адгьылаҵатәи икомандаҟаҵаратә ҭыԥқәа.

Уаанӡа авертолиотчикцәа аџьаԥҳаны анеира ахьыцәгьоу ашьхаратә ҭыԥқәа рахь инаргахьан. Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын Амшынеиқәатә флот аӷбақәа, арратә авиациа.

Зынӡа акомандаҟаҵара-штабтә ҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп хнызқьҩык инареиҳаны аррамаҵзурауаа, ахархәара рыҭан 400 инарзынаԥшуа арратә техника, авертолиотқәа Ми-8АМТШ "Терминатор" амшынаҵатә ӷба "Поворино" уҳәа абрахь иналаҵаны.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0