Аҽы дызлақәтәо иарма шьапы алоуп: асас иҽыжәҵаразы азгәаҭақәа

© Sputnik / Томас Тхайцукаҽқәа
аҽқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҽыла сасра иааиз иахь аԥсуаа иаадырԥшуаз аҳаҭырқәҵара атәы лматериал аҿы дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Иҟоуп убри аҩыза агәаанагара аԥсуаа аԥстәқәа зегьы инарылкааны аҽи алеи рнапахьы иааргеит, рхы иадырхәо иалагеит ҳәа. Дара ихәарҭоу, иҵоуроу, ацәгьараҿы узықәгәыӷыртә иҟоуп ԥстәқәаны ирыхәаԥшуан. Баша ирҳәомызт, "аҽи алеи ауаҩы ишьа рылоуп" ҳәа.

Аҽқәа - Sputnik Аҧсны
Аҽышьашьана: аҽқәа рааӡара иадҳәалоу ақьабзқәеи урҭ рныҳәареи

Хаҭала аҽқәа рыӡбахә ҳҳәозар, иахьатәи ҳаамҭа иаҿырԥшны иаагозар даараӡа имаҷуп ҽыла џьара сасра ицо, ма ус инеи-ааиуа. Инеи-ааиуазаргь ааигәалоуп, аҽырбага ҟазшьа аҭаны. Џьара ацара анаҭаху, инахароу аҭыԥқәа рзы амашьына еиӷьыршьоит, изааӡари. Аха "аихатә ҽқәа" ҳаԥсҭазаара иагәылалаанӡа аҽыҵәҟьақәа рыда ауааԥсыра ԥсыхәа рымамызт.

Жәытәла Кавказ иқәынхо ажәларқәа ркультураҿы аҽы аҳаҭыр ду аман, ари аҵакырадгьыл иқәынхоз ажәларқәа аҽааӡареи аҽықәтәареи иалкаау агәыбылра рзацын, уи абиԥарала имырӡкәа иааргон. Аҽқәа рзы аԥсуаа рмифологиаҿы дыҟоуп анцәахәы ҷыда. Уи Аҽышьашьана ихьӡуп.

Аҽықәтәара акультура ныҟәызгоз аԥсуаа раԥсшәаҳәареи, рпатуеиқәҵареи ирдырганы аԥсуараҿы иҟан асас иҽыжәҵареи иҽышькылкреи рҵас. Угәы унархьуеит, жәаҳәарада урҭ зхатәы ҷыдарақәа змоу аҵасқәа акакала аӡра иахьаҿу.

Аҽқәа рныҟәашәа уақәшәароуп

Ажәытәан асас угәараҭаҿы данҽыжәҵ, зыԥшра ҟамҵаӡакәа аԥшәмацәа иԥылан аҩныҟа дымҩахыргон. Иҽы аҽхырԥарҭахь инаргон, аԥсы адыршьон, аџьықәреи ҿырп аҿарҵон. Аԥшәмацәа ирҭааз ицәажәара ахы ахьхоу ала идирдыруазар дшыццакуа, рацәак дышнымхо усҟан имҩа хара еиԥырымҟьарц амгәархақәа дыркәадон акәымзар, акәадыр ақәырхуамызт.

Беслан Гунба - Sputnik Аҧсны
Гәынба: Сыԥсҭазаара иазбжоуп аҽыбӷаҟазара

Аха асас дмыццакуазар, дызҭааз рҟны ԥыҭрак дсасырц, ма ауха даангыларц игәы иҭазар, аҽы акәадыр ақәырхуан. Абӷа аԥхӡы алҵны иҟазар идырбон, ааигәа иҟаз ахкаара иҭарҵон, аӡы-аԥшы агрыжьуамызт.

Асас ицамҭазы аҩнаҭа аԥшәма аҽы кәадырны заанаҵы аҽхырԥарҭаҿы иҿаиҳәон. Аԥшәма дыҟамзар, аҭаацәара иатәу, изылшо аӡәы уи инапынҵақәа наигӡон ( азгә – ахацәа аҩны ианыҟамыз аԥшәмаԥҳәысгьы урҭ рхаҭарнакра лур алшон, асас иқәрахь днеихьазар дҽыжәылхуан, аҽы акәадыр ақәылхуан, аӡы алыржәуан, аԥсы алыршьон).

Асас аҩны дандәылҵлак, аԥшәма иԥа еиҵбы иҽы иԥигалоит. Асас аԥшәмацәа "бзиала" ҳәа нараҳәаны данҽыжәлоз аламҭалазы иҽышькыл ркуан. Зықәрахь инеихьоу абырг данҽыжәло аԥшәма иҽышькыл икуеит. Саси ԥшәымеи еиқәлацәазар, аԥшәма иԥа еиҳабы уи иҽыжәҵара иуалуп.

Асас қәрала дмаҷызар, ахьышәҭҳәа ихала дҽыжәҵуан. Данҽыжәлоз еиҳа зхыҵуа аԥшәма дҽыжәиҵар, иара изы иԥхашьаран. Ақәыԥш иҽыжәҵараҿы асас иқәра зықәло, мамзаргьы рацәак иеиҳабымыз иҽышькыл акра еиҳа ииашан.

Аҽырыҩра аҽазыҟаҵара - Sputnik Аҧсны
Родион Папба иҽы "Интер-Виуллер"

Ауаҩы аҽы дызлақәтәо иарма шьапы алоуп. Иарма шьапы ашькыл инкылганы, иарма напала акәадыр амаха днақәыӷәӷәаны, дҩеиханы аҽыхәда днықәтәоит. Иарӷьа напы аҿы икуп аҟамчы.

Асас иҽы дақәтәа ашҭа данынҭыҵуаз, аԥшәмацәа дырҩеигь "бзиала" ҳәа реиҳәон. Еиҳараӡак уи иажәақәа ирнубаалон ақәныҳәара-зеиӷьашьаратә ҵакы, иаагозар: "Шәымш аабзиахааит", "Асас мшы шәгәараҭа дагымзааит", "Абас абзиарақәа рзы шәашҭа ауаа ҭалалааит", "Сас дахь шәгәараҭа дагымзааит". Аԥшәмацәагьы ҭакс: "Амҩа бзиа", "Мҩамш", "Мышьҭабзиала", "Анцәа духылаԥшааит" – рҳәон.

Афольклорист Цира Габниаԥҳа лыстатиақәа руак аҿы иуԥылоит, иахьа шамахамзар иуԥымло, иссиру аҵас "аҭыԥҳа, ма аԥҳәыс лҽыжәҵара". Афольклорист уи абас дахцәажәоит: "Еиҳагьы пату ақәын аԥҳәыс лҽыжәхра, лҽыжәҵара. Данҽыжәлоз аҟәардә наганы дықәдыргылон, лышькыл кны дҽыжәырҵон. Арԥарцәа, ахацәа азин рыман, еиҳагьы ипатуун рызшьамхык арсны агылара. Лара лызшьапык уи ашьамхы инықәыркьысны ахьышәҭҳәа дҽыжәлон. Еиҳаракы уи аритуал амҩаԥгара зуалыз аҭыԥҳа, ма аԥҳәыс сасра дызҭааны дыҟаз аԥшәмацәа ракәын".

Аизарақәа, аҽырыҩрақәа, ачарақәа рҿы аҽқәа адҽырбалара иатәын. Аҭыԥҳа илеиҽырбоз, "лгәы хызхыр" зҭахыз лҽыжәлара аамҭа иахаҩон. Аҽыжәларахьы лҿаныналхоз, дара неины лҽы аӷәра ркуан, рызшьамхык арсны игылон. Иҟан ианеимаркуазгьы – азгәалҭоит афольклорист.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0