Аҟәатәи ашкол №2 ахыбра ргылан 1870 шықәса рзы. Аԥхьанатә аҳәса рпрогимназиа ҳәа акәын ишыҟаз, хылаԥшра алҭон аҳкәажәԥҳәыс Мариа Федор-иԥҳа.
1904 шықәса рзы аҩбатәи аихагыла хагалан. 1909 шықәса рзы аа-класски иҟаз агимназиа ҳәа ахьӡырҵеит, аимператор Александр III иԥҳа, аҳкәажәҭыԥҳа Ксениа Александр-иԥҳа хылаԥшра азылуан.
Аҩбатәи ашкол аҵаҩцәа егьырҭ ашколқәа рахь еихыршоит
ХХ ашәышықәса 20-тәи ашықәсқәа рзы Аҟәатәи аҩбатәи абжьаратә школ ҳәа еиҭаркит.
1942 шықәса рзы Александр Сергеи-иԥа Пушкин ихьӡ зху аурыс школ ахьыӡҵахеит. Асовет аамҭақәа раан ашкол азеиԥшҵаратә усҳәарҭаны иҟалеит.
1992-1993 шықәсқәа рызтәи аԥсуа-ақырҭуа еибашьраан ахыбра блит.
2008 шықәса рзы ашкол № 2 Урыстәылатәи Афедерациа афинанстә цхыраарала еиҭашьақәыргылан.

1/14
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аҩбатәи ашкол амца ырцәоуп аха аихагылеиҩкаагақәа ҭыԥқәак рҿы еилаҳар алшоит ҳәа иҳәеит Аԥсны АҶА аминистр ихаҭыԥуаҩ Тигран Делибалтиан.

2/14
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аҩбатәи аҟәатәи ашкол амца акит аԥшьаша, лаҵара 2 рзы.

3/14
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба.

4/14
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аԥсны АҶА аҷаԥшьаратә хәҭахьы аҭел иасны адырра ҟаҵан аԥшьаша, ашьыжь асааҭ 6:40 рзы.

5/14
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ашкол ахыбра амца акит.

6/14
© Sputnik / Томас Тхайцук
Пушкин ихьӡ зху аҟәатәи аҩбатәи абжьаратә школ анапхгаҩы Ирина Повирскир.

7/14
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ашкол ааигәа-сигәа инхо ауааи, ашколхәыҷқәа рҭаацәеи.

8/14
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аҟәатәи абжьаратә школ №2 аҵаҩцәа аамҭала аҵара рҵалоит латәарадатәи аҟәатәи ашколи ахатә школ "Альфеи" рҟны.

9/14
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аҭыԥ ахь инеиит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымбеи Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какобеи.

10/14
© Sputnik / Томас Тхайцук
1500 метр ԥшьыркца амца акны иҟан ҳәа иҳәоит Делибалтиан.

11/14
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аҭыԥ аҿы аус руеит шәҩык инарзынаԥшуа амцарцәаҩцәеи жәаба инареиҳаны атехникеи.

12/14
© Sputnik / Томас Тхайцук
Амцарцәаҩцәа ражәақәа рыла аиха иалху аиҩкаагақәа ашыра ӷәӷәа иахҟьаны иҭаҳар алшоит.

13/14
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ашкол амаҭәахәқәеи, арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи рдокументқәа еиқәырхан.

14/14
© Sputnik / Томас Тхайцук
Асааҭ 9:30 рзы АҶА аусзуҩцәа ирҳәеит "ашкол ахыбра амцарцәара аларшахеит" ҳәа.