Ҭемыр Ӡыба: тәылакгьы аекстремизми арадикализми ирцәыхьчам

© Sputnik / Томас ТхайцукҬемыр Ӡыба
Ҭемыр Ӡыба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Армавир ақалақь аҟны имҩаԥысуан "Адинхаҵаратә радикализми аекстремизми апрофилактика Нхыҵ Кавказ амҩаԥгара" захьӡыз аҭҵаарадырратә форум. Уи иалҵшәаны мшаԥы 29 рзы Аԥсны аԥсылманцәа иаку рдоуҳатә усбарҭеи Адыгееи Краснодартәи атәылаҿацәи Рдоуҳатә усбарҭеи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

АҞӘА, лаҵара 3 – Sputnik. Аҵыхәтәантәи жәашықәса рзы Ааигәатәи Мрагылареи, Алада-Мрагыларатәи Азиеи, уажәааигәа Зеландиа ҿыц иҟалази ахҭысқәа иаҳдырбоит адунеи шуашәшәыроу, иарбан тәылазаалакгьы, аҿиара бзиа амазаргьы, аекстремизми арадикализми реиԥш иҟоу ацәырҵрақәа ишырцәыхьчам. Абри атәы иҳәеит Аԥсны аԥсылманцәа иаку рдоуҳатә усбарҭа ахантәаҩы Ҭемыр Ӡыба.

"Аԥсылманра зықәныҟәо аԥҟарақәа аекстремизми арадикализми аԥҟарақәа ирҿагылоуп. Адунеи аҟны адин аларҵәара аҭоурыхгьы иаҳнарбоит аԥсылманра уи ишацәыхароу, атерроризм амҩаԥгара адгылара акәым, ӷәӷәала ишаҿагылоу. Аха, рыцҳарас иҟалаз, ас еиԥш иҵоурам аҭагылазаашьақәа ҟалоит адин иадҳәалоу ииашахаҭоу аинформациа аҟамзаареи, шьоукы-шьоукы адинхаҵаратә ҷыдарақәа рзы ирымоу адыррақәа рылаҟәреи", - иҳәоит Ӡыба.

Миллионҩык ауаа инареиҳаны еизеит Грозныи>>

Адинхаҵаратә ԥҟарақәа ииашамкәан рықәныҟәара ахҟьаԥҟьа бааԥсқәа ахылҿиаар алшоит. Убри инамаданы, адоуҳатә маҵзуҩцәа аҵаратә программа хықәкыла иазааҭгылоит, раԥхьа иргыланы, аҿарацәа рыбжьара, иҳәеит Ҭемыр Ӡыба.

Иеиҿкааз аусмҩаԥгатә аҿарацәа рацәаҩны иалахәын, уи аҵак ду амоуп, избанзар имҩаԥааго аусура еиҳарак дара роуп иззынархоу.

Аиҳан Цыхьычба - Sputnik Аҧсны
Аиҳан Цыхьычба (Цәыхьча): зегьы ҳаҭырла еизыҟазарц сҭахыуп

"Сажәахә алагамҭаҿы сазааҭгылеит аекстремизми арадикализми цәырҵижьҭеи акыр шҵуа, Нхыҵ Кавказ адагьы, Урыстәыла зегьы ари апроблемы ҵарны ишықәгылоу", - азгәеиҭиеит иара.

Адыгеиа напы зҵаҩыз аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп Аԥсны адинхаҵара иазку астол гьежь ма аконференциа амҩаԥгара.

"Иара убас афорум аҟны иазгәаҭаз азҵаара хадақәа ируакын атерроризм, аекстремизм, арадикализм уҳәа аилкаарақәа адинхаҵара, ҷыдала, аԥсылманра радҳәалара шиашам. Ҳара иаҳбоит уи хазы игоу амилаҭ ма адинхаҵара ишадҳәалам. Ари иахьатәи аамҭазы адунеи зегьы зымҽхазкуа рыцҳароуп, уи ҳаҿагыланы ҳақәԥароуп ҳаидгыланы, ҳажәа еиқәыршәаны", - иҳәеит Ӡыба.

Џьугьелиа Кәырбан-баирам азгәаҭара иазкны: ашьтәа хә-хәҭакны иаҳшоит>>

Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра алыршахеит адоуҳатә усбарҭақәа заанаҵ имҩаԥыргахьаз аиқәшәарақәа ирылҵшәаны. Уи, раԥхьа иргыланы, иазынархоуп адоуҳатә ҵараиуреи, асоциалтәи агуманитартәи проектқәеи, аҿар адоуҳаи аԥсылманра ацәаҩеи рылааӡареи.

Ажәабжьқәа зегьы
0