"Сара сгәаанагарала, ас еиԥш аҩны аҭахуп, хымԥада. Иҟоуп ахәыҷкәа, хылаԥшрада иаанхаз, иахьцо анрымам. Ус еиԥш Афон-Ҿыц ауахәамаҿы драаӡоит хәыҷык, иара иани иаби иԥхахьеит, ашкол дҭарҵеит, афатә-ажәтә игым, ус еиԥш иҟоу ахәыҷқәа маҷым. Аинтернат аҿы аҭыхрақәа анымҩаԥаагоз, еилаҳкааит аԥсшьарамшқәа рзы аҩныҟа ицар зҭахым аҵаҩцәа шыҟоу. Ҳара иҳазцәырҵроуп азҵаара, избан ахәыҷы иҭаацәа рахь дцар зиҭахым? Асоциалтә усбарҭақәа русзуҩцәа уи хылаԥшра арҭароуп. Сгәаанагарала, аҩны аарттәуп. Уахь игатәуп зынӡа хылаԥшра змам ахәыҷқәа. Иазхәыцтәуп, азин змырхыз аҭаацәа рхәыҷқәа рызҵаара. Ари даара хшыҩзышьҭра зҭатәу ак акәны иҟоуп. Ауаажәларра, апсихологцәа уҳәа алархәны иҭҵаатәуп, алацәажәара аҭахуп. Аҳәынҭқарра азхәыцроуп, уа иҟоу ахәыҷқәа анаҩс цхыраарас ироуа атәы, лшарақәас ирзаԥҵахо", - азгәалҭеит Мықәԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.