Омар Мерцхәылаа иӷьычра иалаҟьашьуп ҳәа гәҩарас ирымоу хҩык ауаа аанкылоуп

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАцәгьоура
Ацәгьоура - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Омар Мерцхәылаа мшаԥы 17 рзы Аҟәа араион Гәымсҭа ақыҭан идырым хҩык ауаа дӷьычны дыргеит.

АҞӘА, лаҵара 3 – Sputnik. Омар Мерцхәылаа иӷьычра иалаҟьашьуп ҳәа гәҩарас ирымоу хҩык ауаа аанкылоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура хада.

Мшаԥы 23, 2019 шықәса рзы имҩаԥыргоз аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа раан Ерик Ҷкадуа иитәу агаражқәа рҿы ирбеит изышьҭаз автомобиль "Mercedes-Benz". Амашьына асалон аҿы иҭан абџьар, аџьаԥҳаны, акамуфлиажтә форма, асабрадақәа, Урыстәыла иатәу амашьына аномерқәа. Аҩбатәи агараж аҟны иҭагылан автомобиль "Lexus".

Аԥсны Апрокуратура хада - Sputnik Аҧсны
Омар Мерцхәылаа иус Апрокуратура хадахь ирыҭоуп

Мшаԥы 19 рзы ақәылареи, ауаҩы иӷьычреи, анаркотик маҭәашьарқәа реикәыршареи, амашьына аӷьычреи, абџьар закәаншьаҭада амазаареи дрылахәуп ҳәа даанкылан Адгәыр Ӡкәуа. Ӡкәуа ихы ахара адиҵом.

Мшаԥы 24 рзы ақәылареи, ауаҩы иӷьычреи, амашьына аӷьычреи, абџьар закәаншьаҭада амазаареи дрылахәуп ҳәа даанкылан Беслан Бганба. Бганба ихы ахара адиҵом.

Мшаԥы 30 ақәылареи, ауаҩы иӷьычреи, амашьына аӷьычреи, абџьар закәаншьаҭада амазаареи дрылахәуп ҳәа даанкылан Ерик Ҷкадуа. Аҟәатәи аӡбарҭа арҭ ахҩык ҩымз ҳәа иааннакылеит.

Гәымсҭа ақыҭан еилкаам хҩык ахаҵа дахьырӷьычыз инамаданы аусҭҵаара хацыркуп>>

Аусҭҵаара иацҵоуп, Омар Мерцхәылаа дахьыҟоу макьаназ ишьақәыргылам.

Мшаԥы 17 асааҭ 22:40 рзы 1979 шықәса рзы ииз Мерцхәылаа Омар Даҭикәа-иԥа ихатәы машьына Mercedes-Benz Sprinter ала апассаџьыр диманы Гәымсҭа ақыҭа Ешыратәи амҩала дымҩасуан. Амашьына ааныркылеит автомашьына шкәакәа иҭыҵыз, акамуфлиаж форма зшәыз, асабрадақәа зҿаз, бџьарла еибыҭаз хҩык ахацәа. Урҭ Мерцхәылаа имашьына дҭыганы дыргеит.

архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Гәымсҭа ақыҭан ахаҵа дызӷьычыз рмашьына акәзар ҟалоит ҳәа агәызҩара ззыҟоу ԥшаауп

Аҟәа араион апрокуратура ашьаус хацнаркит.

Аамҭақәак рышьҭахь, Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзуреи русзуҩцәа ирӷьычыз ахаҵа Омар Мерцхәылаа иԥшааразы аоперативтә усҭҵаарақәа анеицымҩаԥыргоз ирбеит автомашьына "Mercedes-Benz". Амашьына рыԥшааит асовхоз "Субтропик" агаражтә хыбрақәа рҿы.

Азинхьчаратә органқәа русзуҩцәа амашьына асалон иҭыргеит абџьар, аџьаԥҳаны, акомуфлиажтә форма, асабрадақәа, анапҭырԥақәа. Иара убасгьы амашьына абагаж иҭан Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә номерқәа.

Аҩбатәи агараж аҿы ирбеит уаанӡа имҵарсыз автомашьына "Lexus".

 

Ажәабжьқәа зегьы
0