Андуи, абдуи рышьҭала: авидеоҭыхҩы Музаффар Останов иҭоурых

© Foto / из архива Музаффара ОстановаАашықәса раахыс Гагратәи ателехәаԥшра авидеоҭыхҩыс - амонтажҟаҵаҩс аус зуа Музаффар Останов.
Аашықәса раахыс Гагратәи ателехәаԥшра  авидеоҭыхҩыс - амонтажҟаҵаҩс аус зуа Музаффар Останов. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аашықәса раахыс Гагратәи ателехәаԥшра авидеоҭыхҩыс - амонтажҟаҵаҩс аус зуа, Узбекистанынтәи иааз Музаффар Останов еиҭеиҳәоит Аԥсны аӡбахә шиаҳази, арахь иаара шыҟалази ртәы.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Узбекистан, Бухара ақалақьтә телехәаԥшра "КОИНОТ ТВ" аҟны анџьныр хадаси, авидеоҭыхҩыс - амонтажҟаҵаҩси аус зуаз арԥыс, дшыхәыҷыз натә Аԥсны аӡбахә иаҳахьан. Асовет Еидгыла аамҭақәа раан, акурорттә қалақь Гагра рыԥсы ршьон иандуи, иабдуи. Дара ражәабжьқәа убриаҟара дхырххьан, аинтернет анцәырҵ нахыс Аԥсны аҭоурых ҭиҵаауа далагеит.

© Foto / из архива Музаффара ОстановаАашықәса раахыс Гагратәи ателехәаԥшра авидеоҭыхҩыс - амонтажҟаҵаҩс аус зуа Музаффар Останов.
Андуи, абдуи рышьҭала: авидеоҭыхҩы Музаффар Останов иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Аашықәса раахыс Гагратәи ателехәаԥшра авидеоҭыхҩыс - амонтажҟаҵаҩс аус зуа Музаффар Останов.

"Аинтернет ахархәага "Одноклассники" аҿы, Аԥснынтәи иҭагалаз ауаа рдаҟьақәа аартуа атәыла асахьеи, аԥсабареи сахәаԥшуа салагеит. Ус ҳаибадырит Алхас Сергьегьиа ҳәа рԥыски сареи. Иара изанысҵеит, анкьа сандуи, сабдуи Гагра рыԥсы шыршьоз, саргьы избарц шысҭахыу. Уи нахыс, аимадара ҳабжьалеит. Алхас исзеиҭеиҳәеит атәыла аҭоурых, иахнагаз аибашьра атәы. Даара сгәы снархьит сҩыза ҿыц иаб аибашьраҿы дышҭахаз ансаҳа", - игәалашәоит Музаффар.

Рустан Конджария - Sputnik Аҧсны
Арадио
Конџьариа: Гагратәи ателехәаԥшра анҵамҭақәа зегьы ирбалартә иҟаҳҵоит

2010 шықәса, ԥхынҷкәынмзазы, Музаффар Останов Аԥсныҟа дааит, уи аԥхьаҟа Аҟәа уасҭас аусура иалагахьаз иабхәанда иахь. Зысасра згәаԥхаз, даанхаргьы иҭаххеит, аха уи азы изанааҭ ала аусурҭа ҭыԥ ԥшаатәын.

"Сандуи, сабдуи ргәыбылра ахьыҟаз атәыла ссир, саргьы сыхнахит, аиҳарак аԥсабара. Араҟа аҳауа убриаҟара иснаалеит, исымаз агәамбзиарақәагьы рҵыхәтәа ԥҵәеит. Хымԥада сазхәыцуа салагеит аангылара. Уи Алхас ианеиликаа, иашьцәеи иареи рҽазыршәеит аусурҭа ҭыԥ аԥшаара. Ана-ара ишҵаауаз, Гагратәи ателехәаԥшраҿы авидеоҭыхҩы дшырҭахыз раҳаит", - иҳәоит Музаффар.

Абас, Аԥснытәи аҩызцәа рыбзоурала, аузбек ҷкәын Гагра анхара далагеит. Сынтәа аашықәса ҵуеит аҭыԥантәи ателехәаԥшраҿы авидеоҭыхҩыс - амонтажҟаҵаҩс аус иуоижьҭеи.

© Foto / из архива Музаффара ОстановаГагратәи ателехәаԥшра аколлектив
Андуи, абдуи рышьҭала: авидеоҭыхҩы Музаффар Останов иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Гагратәи ателехәаԥшра аколлектив

"Раԥхьанатә аколлектив аҿы ибзианы срыдыркылеит. Аиҳабы Русҭан Канџьариа иоума, дара ажурналистцәагьы, "ари дузбекуп, дтәымуаҩуп" ҳәа знызаҵәык ирҿымшәеит, иаразнак ҳаишьцылеит", - ҳәа азгәеиҭоит иара.

Музаффар Останов Гагра ауаҭах игеит, аколлектив ибзазара ашьақәгылара иацхрааит. Анаҩс иҭаацәа ааигеит. Иԥҳа хәыҷы аҵара лҵоит Гагратәи абжьаратә школ №4 аҟны, убас аԥсуа кәашара далоуп. Иԥа, ахәыҷбаҳчахь дныҟәоит. Музаффар, аԥсуаа рыбзазара инырхьеит. Ацәгьеи, абзиеи раан иҩызцәа дрывагылоуп, иахәҭоу зегь наигӡоит.

Иазгәоумҭарц залшом иара аԥсшәагьы еиликаауа, уимоу ҳәоуқәакгьы еидкыланы ииҳәо дшалагаз. Ателехәаԥшрала, аԥсышәала ицо анҵамҭақәа цхыраарада рмонтаж ҟаиҵоит.

"Аԥсуа бызшәаҿы имаҷым атиурк бызшәақәа рҟнытә иалалаз ажәақәа, иаҳҳәап асапан, ашьақар, аԥарда, аҳауа, аԥенџьыр уҳәа. Насгьы аузбек алфавит аҿы иҟоу нбанқәакгьы аԥсшәаҿы иуԥылоит, убри аҟнытә агәынкылара сзымариахеит", - ҳәа азгәеиҭоит иара.

© Foto / из архива Музаффара ОстановаАашықәса раахыс Гагратәи ателехәаԥшра авидеоҭыхҩыс - амонтажҟаҵаҩс аус зуа Музаффар Останов.
Андуи, абдуи рышьҭала: авидеоҭыхҩы Музаффар Останов иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Аашықәса раахыс Гагратәи ателехәаԥшра авидеоҭыхҩыс - амонтажҟаҵаҩс аус зуа Музаффар Останов.

Музаффар хаҿсахьала еиҳа кавказаа дреиԥшуп, имаҷҩым Нхыҵ-Кавказынтәи дааит ҳәа џьызшьуа, убас ирацәаҩуп аԥсышәала иацәажәо. Иаргьы еиликаауа азҵаарақәа раан, аԥсышәала аҭак ҟаиҵоит.

"Аҭыхрақәа рахь санцо, еиҳарак аԥсышәала исацәажәоит, саргьы иансылшо аԥсышәала аҭак рысҭоит, зҳәара уадаҩу ажәақәа ҟалозар -  урысшәала", - еиҭеиҳәоит Музаффар.

Музаффар Останов иҳаилиркааит амилаҭ чыс ашьцылара шымариамыз, аԥсуаа рыфатә цаҳәцаҳәуа иҟарҵоит азы. Аха иахьа, икҿаҩраҿы аҭыԥ ҷыда рымоуп аџьыкеи, асызбали. Аҭыхҩы хаҭалагьы афатәҟаҵара дазҿлымҳауп, лассы-лассы иколлектив ирызнеигоит имилаҭтә чысхкқәа.

Гагратәи ателехәаԥшра 10 шықәса ахыҵит

"Ачарақәа ҭысхуа саналага, иснырит аԥсуа чыс агьама. Ачашә, ачаԥа, арашы, амгәачаԥа уҳәа даара исгәаԥхоит. Сҭаацәа Аԥсныҟа иаазгаанӡа, аҟәыди, абысҭеи, арҵәи сфарц аԥацхахь сцон. Уажәы аҩны иҟаҳҵо ҳалагеит. Аузбек чыс анҳармазеиуагьы, аџьыка, мамзаргьы асызбал адҳамкылакәа иаҳзыфаӡом", - иҳәоит иара.

Музаффар, аамҭакы Урыстәыла дынхон. Араатәи аԥсҭазаара иаҿырԥшуа, аузбек рԥыс иазгәеиҭеит аԥсуаа реизыҟазаашьа еиҳа ишҟәандоу, агәыблыреи, арыцҳашьареи шрымоу, атәым милаҭ ргәы шындмырхо.

"Хымԥада иуаҩу - дуаҩуп, амилаҭра акагьы аанагаӡом. Аҵаси, ақьабз хазынақәеи змоу аԥсуаа арыцынхара еиҳа исзымариоуп, избанзар ҳхымҩаԥгашьақәа еизааигәоуп, иаҳҳәап аиҳаби, аиҵби реизыҟазаашьақәа, аҳәсеи, аҭыԥҳацәеи рлеишәа", - иажәабжь иациҵоит Музаффар.

© Foto / из архива Музаффара ОстановаАашықәса раахыс Гагратәи ателехәаԥшра авидеоҭыхҩыс - амонтажҟаҵаҩс аус зуа Музаффар Останов.
Андуи, абдуи рышьҭала: авидеоҭыхҩы Музаффар Останов иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Аашықәса раахыс Гагратәи ателехәаԥшра авидеоҭыхҩыс - амонтажҟаҵаҩс аус зуа Музаффар Останов.

Иазгәаҭатәуп, Музаффар, иахьа хаҭабзиара ҳаракыла ачарақәа ҭызхуа ҳәа ихьӡ Аԥсны ишырдыруа. Ари атема иацҵо, аҭыхҩы иҳаилиркааит, дара рчарақәагьы шәҩыла асасцәа шаҭаауа, аха ахаршә назго агәакьацәа мацара шракәу. Насгьы аҭаца лаб иҩнаҟнытә ауп дышдәылҵуа.

Аашықәса рыла, аузбек ҷкәын аԥсуаа ирҟазшьа ҷыданы иаликааит, даарагьы иҿырԥшыгоуп ҳәа иԥхьаӡоит, - рыԥсадгьыл ахь ирымоу, ҵҩа змам абзиабара. "Згәы цқьаны иааиуа, бзиала шәаабеит", - ҳәа гәаартыла ирыдыркылоит, цәгьахәыцрала имҩахыҵуа дахьдырхәоит", - инаҵишьит иара.

Музаффар Останов макьаназы иԥсҭазаара Аԥсны иадиҳәалоит. Аҭыԥантәи иҩызцәа, насгьы иҭаацәа реиԥш бзиа иибо аколлектив "Анцәа исаҭәеишьеит" иҳәоит. Ажәакала, игәы азбжа ари атәыла иҭҟәаны иамоуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0