Аҳәса рымшаԥ иацу азгәаҭарақәеи атрибутқәеи

© Sputnik / Константин Грецовамшаҧ
амшаҧ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәса рымшаԥ аԥсуаа ишымҩаԥырго атәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Аҧсуаа ирҳәоит "аҧсреи абзареи рышьхәа еивҵоуп" ҳәа. Ииашахаҭангьы, ауаҩы иҧсҭазаара зегьы уахәаҧшуазар, ианыҧшуеит аҧсрала аиааира агара (аметафоратә ҵакыла).

Амшаԥҳаԥшьа - Sputnik Аҧсны
Амшаԥныҳәа аԥсуа жәлар рамзар ала азгәаҭара

Амшаҧду ашьҭахь иааиуа анаҩстәи амҽыша аҧсуаа аҳәса рымшаҧ ҳәа азырҳәоит. Ари амш азы Амшаҧду аан еиҧш акәтаӷьқәа ршәуеит, аныҳәатә чысқәа адыргалоит, аха ари амш усҟак инарҭбааны иазгәарҭом Амшаҧду еиҧш. Ари иаҿурҧшыр ҟалоит ашықәс ҿыц аныҳәа азгәаҭареи жәытәла ашықәс ҿыц аҧылареи. Ажьырныҳәа змоу ртәы ҳамҳәозар (идыруп ажьырныҳәа азгәазҭо ажьира змоу роуп), ари аныҳәа аангьы актәи иаҳа инеиҵыхны иаҧылоит, аҩбатәи аасҭа.

Аҳәса рымшаҧ адырҩаҽны,ашәахьаҽны, ма аҩашазы анышәынҭрақәа ирҭаауеит, ирыцәцахьо ргәаладыршәоит, "рхәы рырҭоит".

Анышәынҭра аҧсуаа рзы ҩ-дунеик рыбжьара иҟоу ҳәааны иаарҧшуп: нырцәи аарцәи еимаздо. Ганкахьала, уи иҧшьоу ҭыҧны иахәаҧшуеит, даҽа ганкахьала – иацәшәоит.

Габниаԥҳа: аԥсы ихәо, имыхәо ажәлар ирызнагатәуп, ихырҵәагои иаҭахыҵәҟьои еиҩыгатәуп

Иаҳҳәап, ишеиҭарҳәо ала, ауаҩы амҩа дшықәу иқәхәлар, дааҧсар, ма амшцәгьа иқәшәар, анышәынҭра дҭаланы иҧсы ишьар ҟалон. Уи аҧсы дацәшәаӡомызт, иаҳагьы дахьчоит ҳәа дазыҟан. Аҩбатәи аган ала уахәаҧшуазар, ари аҭыҧ ишәарҭоу ҭыҧуп – араҟа ауаҩы дрықәшәар ҟалоит аҩысҭааратә хҭысқәеи еиуеиҧшым амч лашьцақәеи. Иҟалоит ауаҩы дшәар, игәы еиҭаҧаргьы.

Набережная  - Sputnik Аҧсны
Иҟалааит аԥҳәыс анасыԥ лызҭо ахацәа…

Убас аҧсуа мифологиатә жәабжьқәа рҟны иуҧылоит аҳәамҭақәа анышәынҭрақәа рҟны, ма урҭ рааигәара ақәыџьма иақәтәаз аҳәса ауаҩы ишибо атәы (асиужет ахатәы ҿиара амоуп). Мамзаргьы иҟоуп даҽа сиужетқәак, аҿар уахынлан еидтәаланы иахьеицәажәоз (иаҳа лассы "аҷаҧшьараҿы"), "абыржә анышәынҭраҿ ицаны иаауа" ҳәа еисоит. Аӡәы днарылҵны данцалакгьы, уа дахьнеиуа машәырны имаҭәа акы иаҿаҧоит,иара (лара) дшәаны, "аҧсы сикит" ҳәа игәы еиҭаҧоит. Иҟоуп алаф зхылҿиаауа ажәабжьқәагьы.

Аславиан мифологиаҟны аҳәса рымшаҧ хыҧхьаӡара рацәала ақьабзқәа адҳәалоуп. Урҭ рҟынтәи ихадароуп ҳәа иҧхьаӡоуп, аҳәса имҩаҧырго ақьабзқәа – анцәахәқәа аиҳарак аҧҳәыс хаҿы шрымоу ала, иара аамҭагьы ааҧынтәи адгьылқәаарыхра ишаҵанакуа ала, аҧҳәыс лоуп ақьабзқәа мҩаҧызго.

Убас, аҵарауаа ишазгәарҭо ала, аҳәса рымшаҧ аҽны аҭыҧҳацәа рыҽдырҧшӡон, арҧарцәа урҭ ирыхәаҧшырц инеиуан. Ари аныҳәамш инаркны аҭаацәа алалара бзиоуп ҳәа иҧхьаӡан, "ачарақәа рсезон" аадыртуан уҳәар ауеит. Аҧсуаа ҳҟны ари амш иадҳәалоу ақьабзқәа ҳамазу, иҳамамзу аҳәара уадаҩуп, уи иазку адыррақәа иахьанӡа иаҳзааиз шмаҷу ала, аха иҳәатәуп, ааҧынра аира, аҿиара иасимволны иахьыҟоу аҟынтәи, ари аҵыхәтәантәи азгәаҭара шалыркаауа.

Аҧсуаа ирҳәоит "аҧсреи абзареи рышьхәа еивҵоуп" ҳәа. Ииашахаҭангьы, ауаҩы иҧсҭазаара зегьы уахәаҧшуазар, ианыҧшуеит аҧсрала аиааира агара (аметафоратә ҵакыла).

Ақьабзқәагьы реиҳарак рритуалтә функциақәа урыхәаҧшуазар, иубоит "итәыму" адунеи, нарцәытәи аҳаҭыр барала абзацәа ирыхәаша шакәу иҟарҵо: уи адгьылқәаарыхра иазку ақьабзқәа ракәыз, арахәааӡара иазку акәыз, мамзаргьы аҭаацәаратә қьабзқәа ракәыз.

Ажәа еимырдон: аԥсуаа рҿы аҭаацәара аԥҵара атрадициақәа

Иазгәаҭатәуп, ари аамҭа инаркны уажәраанӡа иҟауҵар иҟамлоз, иҵасымыз, - анышә акра, аҵәымӷ акра, агәыр акра, - уи шақәххо, анхамҩатә усқәа шхацдыркуа, арахә ракәзар ашьхаҟа ргара, ацха аҧшра уҳәа убас иҵегьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0