"Спросите …абхаза, что является пределом его желаний. Ружье, сабля, кинжал, испещренный узором плохого серебра, перевязь и портупея, украшенные металлическими бляхами, пороховница и маленький ящичек, где он хранит сало для смазывания пуль, — вот все, что необходимо для его счастья. …Оружие — вот его счастье и богатство!" (Дюбуа де Монпере Путешествие вокруг Кавказа, к черкесам и абхазам, в Грузию, Армению и в Крым» (1839—1843))
Аԥсны, Кавказ х-нызқь шықәса ҳера ҟалаанӡагьы амаденҵхра, иреиӷьу абаҩ, аҭса ахьыҵырхуаз, аџьаз, нас аиха ахьдырҭәоз аҭыԥқәа иреиуоуп. Ари зегьы ажьиратә ҟазара ду зцыз культуран. 19-тәи ашәышықәсанӡа аибашьра, аблокада, ҳажәлар рыбжеиҳараӡак рыхҵәара иақәшәаанӡа, Аԥсны усҟантәи ала зеиӷьыҟамыз абџьар, ашәақь, аихамаҭәа ҟарҵон аԥсуа жьицәа.
Ишаҳҳәахьоу еиԥш, аԥсуаа ркультура хаҵаратә, еибашьратә культуроуп. Рцәамаҭәагьы аибашьҩы ҽыуаҩ ицәамаҭәа ауп: акәымжәи акабеи уҳәару, уи ашьҭахь, 20-тәи ашәышықәса алагамҭаз ишьҭырхыз афренчи агалифеи азиацк (азиатские) магә уҳәару. Аԥсуаагьы, ҳашьцәа кавказаагьы итрадициатәу рцәамаҭәа ҩычагас иамаз абџьар акәын. Ажәакала ипрофессионалтә еибашьцәан. Иахьатәи жәларбжьаратәи азакәанқәа рыла уахәаԥшуазар, ҳабдуцәа комботантцәан - иаартны абџьар ныҟәызгоз, ар рымаҭәа зшәыз, аибашьра аԥҟаррақәа ирықәныҟәоз, аиҳабы-аиҵбы дыздыруаз, ахыхьчареи, аӷа иҭархареи ирызхиаз.
Ҳара ҳадгьылҭыԥ, ҳаԥсабара шыҟаз ала ҳашьхақәа, ҳаиҩхаақәа рҿы иҟан убас еиԥш аҭыԥқәа аӡәы ҩыџьа аибашьцәа ӷьеҩцәа иахьрылшоз ар рааныркылара. Уи ауп 19-тәи ашәышықәсазы Аԥсны аԥсҭақәа зегьы ҭарцәны, Ҭырқәтәылаҟа ихырҵәаны ақыҭақәа рымблыкәа (зачищение\замирение) ԥсыхәа зырмоуз усҟантәи аибашьраҿы иаҳиааиз амчқәа.
Аурыс-кавказтәи аибашьра амшала Аԥсны абжеиҳарак анҭацәха, иаанхаз 1880 шықәса маи 31 азы ахара зду ажәлар ҳәа ахьӡ рыхҵан. ҿ́
Аԥсуаа ирымхыз азинқәа иреиуан абџьар аныҟәгара азингьы. Аԥсуажәлар ари ихьанҭаз, илазырҟәуаз акы акәны ирыдыркылеит, рыԥсадгьыл аҿы рзиндара адагьы, еилыхушәа рхы рбон, абџьарда ркәымжәы халаҭушәа иҟалеит. Уи ауп нас ашьҭахь дырҩегь даҽа цәамаҭәак рԥшааит актәи жәларбжьаратәи аибашьраҿы ицаны афренч шьҭырхит. Уи аибашьра иалахәыз азин роуан абџьар аныҟәгара. Уимоу, иара Дырмит Гәлиа аҵара иҽаназикәуаз адыррақәа рнаҩсангьы абџьар аныҟәгара азин ахьинаҭозгьы дыхнахуан.
Ажәакала, актәи аибашьра ашьҭахь, еиҳарак 20-тәи ашықәсқәа инадыркны, усҟантәи армаҭәа милаҭтә маҭәак еиԥш ахацәа ишьҭырхит. Убарҭ ашықәсқәа рзы, Нестор Лакоба ихаан закәанлагьы ишьҭыхын - аԥсуамаҭәа аҟама, аԥсуа ҳәызба ацныҟәгара шыҟало. Избанзар, амаҟеи уи иахьынҳалаз аҟамеи анамырхуаз зынӡа акәымжәы аныршәырхуаз, рҽанеилырхуаз акәын, мамзаргьы аныха аҿаԥхьа ахрыцқьараз ақәра аан.
Уаанӡа аԥсуа имаҟа иадҳәалан аҟама, аҳәа, аса, аҳәызба, ижәҩа ихшьын ажәытә ихыци ихәампалқәеи, ишәын акәалӡы. Нас, урҭ рцымхәрас 17-тәи анҵәамҭаз 18-тәи ашәышықәсқәа инадыркны изқәа икыдын, ма ижәҩа ихшьын аԥсуа шәақь аҭаҳәҭеи иҭаны излеиҵарҵоз алабеи иареи (избанзар уи агәыцә ала еиҵаҵатәын). Имаҟа иадҳәалан уажәшьҭа акьарахә, аҵӷа роуны имыӡратәы иҟаз (нас атапанча), убасгьы ашша, аӡаӡ, ахыхшә, ахқәа зҭаз амакәан уб.иҵ. Акәымжәы агәышԥы аҿы ицәырҵит акалам, ма абаҩ иалхыз аҳазырҭрақәа уа иҭан зныктәи ишәақь еиҵаҵаны дызлахысша изаны иҟаз ахи ахәшәи. Нас ашьҭахь иныҟәырго иалагеит аҟанҭаруазқәа, аҵыхәтәантәи ҳаибашьраҿы уи афункциа нанагӡон аибашьыгатә жилет автомат амагазинқәа патронла ирҭәны изҭаз. Баша апатронқәа ус макәанк, хурџьынк иҭаз аламҵакәа, ари ирхианы анаҿаҵара ада ус амамкәа иҟан(аҳазыргьы араб ажәа убри ауп иаҵанакуа).
Ажәакала, амаҟа инициациак иаҩызан, ихәыҷра дҭысит акәын иаҵанакуаз аҷкәын изы. Маҟаҿамҳәаа ззырҳәоз уи сабицәан, ихәыҷӡақәан ауп иаҵанакоз аԥсуаа рҿы. Амаҟа, раԥхьа иргылан, абџьармаҭәа аныҟәгара иатәын. Шәрыхәаԥш аԥсуаа рымаҭәа иазкны аусумҭа шьахәқәа аԥызҵаз Малыиаԥҳа Елена лышәҟәқәа. Лара лажәақәа рыла, нас, ауаҩы дажәуа даналагалакь, иқәра ифеит ҳәа ззырҳәоз 100 шықәса иазааигәахоз уи хымԥада акакала иабџьар амхны ишьҭеиҵон. Раԥхьа - аҳәа, нас итапанча, аҵыхәтәан ԥсыуа ҳәызбак, ма чақык – акрыфагак нижьуан.
Ишыжәдыруа еиԥш, акәац амаха аарыҿҳәо ирфомызт аԥсуаа. Излаԥиҟоз змамыз илафны аҟәыд имҵашәыргыл ҳәа анырҳәозгьы ыҟан, анкьа. Убас акәын ашәыргьы – уи цәырԥссаны, раԥхьатәи аса ирыватәаз идыргалар акәын аетикет ала.
Ажәакала, аибашьыга маҭәагьы баша шәҵатәымызт уи ныҟәгатәын. Ахаҵа аҽыҵәҟа данақәтәогьы икәымжәы акалҭқәа бӷьаауа иҟамзар акәын. Хымԥада абџьаргьы иаҭахын ииашан аныҟәгара. Иаҳҳәап, аԥшыхәра, ақәылара ианцоз аҷыҭ бжьы мго, аҟамаҭра, аҳәа аҭра изҭаз сахҭанла иҭаӡны иҟан. Акәашара аанҵәҟа аҟама гьало акәымкәа аҵыхәагьы амаҟа аҟны иаркымзар, ахы аҵыхәа напыла икны ишьацәхыртәуа икәашон, иахь асценаҿы ишыҟарҵо еиԥш акәымкәа. Уи ҳҳәеит ҳәа уажәы асценаҿы иныҟәырго шамахамзар икьаҿу ахәҷы ҟамақәа роуп. Иахьа ҳдиаспораҿы еиқәханы иааргаз акәашара аҟны ахацәа аныкәашо, зны-зынла рнапқәа рашьҭахь рыбӷа рыгәчама иаадкылашәа иахьыркло, анкьа уа икнаҳаз абџьар аадыркыларазы иҟарҵон.
Аԥсуамаҭәа аԥшәтәқәагьы аҽынкылара рымазар акәын, макәымзар иӷьаӷьаӡа амлаӷәыр еиԥш рҳәон, бзиа ирбомызт, аиҳаракгьы зықәрахь инеихьаз; аҩежь зынӡа ирыдыркыломызт, аҟаԥшьгьы аду изы ицәанаалам ҳәа иԥхьаӡан, аӷра усгьы пату рзақәӡамызт. Абџьаргьы аҽырбараз ауаа рышҟа ианцәырҵуаз, аизарахь ацәгьа абзиа ианцоз акәын еиҳа раӡныла ичаԥаны, раӡныла ихыркны аҳазырҭрақәа анныҟәыргоз.
Аԥсуа хаҵа ицәамаҭәа иагьа еиҿкаазаргьы раԥхьаӡа иргыланы дызлаҽырбоз иабџьари иҽыццышәи ракәын. Абжьааԥны иҟалон аныҟәаҩ икәымжәы акалҭ ԥжәазаргьы уи ибыргәымызт, сасра дахьымҩахыҵзаалак уа ирӡахрын, идрыцқьарын. Абџьар акәын ихадаз - уи нхарак иаԥсаз иҟәнызар ҟалон. Деибашьҩума, дшәарыцаҩума иабџьар мжьақцо, амшцәгьа аԥырхагамхо аҭаҳәҭеи иҭаны изқәа икыдын. Иахьанӡа иныҟәырго алабашьаҵәҟагьы аԥса аханы – еибашьыган, ажәытәӡа иҟан убасгьы аибашьыга еикәаӷа, еихақәа уҳәа убас иҵегь.
Абџьармаҭәа аныҟәгара акәын ҳхақәиҭра зыбзоураз. Азеижәтәи ашәышықәса азыбжазы Теофил Лапинский иҩуан: "Когда вступаешь на землю свободной Абазии, то сначала не можешь понять, каким образом народ, у которого почти каждый ребенок носит оружие, который не имеет писаных законов, исполнительной власти, даже начальников и предводителя, может не только существовать, но еще противостоять долгие годы такому колоссу, как Россия, и сохранить свою независимость..."
Шәышықәсала аибашьра иалагылаз, иалаӡрыжәыз ажәлар рҿы ахаҵа иабџьар иара деиқәных дыҟамкәа агәар дҭыҵӡомыз, дҽыжәломыз. Джеимс Белл 19-тәи ашә. азыбжараз аубыхцәа рҟны даныҟаз иҩҩуан, ақыҭа даналсуаз ахәыҷқәа дџьашьаны иҩуа ишишьҭаз, "алаламбатәы ҳбеит – ахаҵа аҽыуаҩ бџьарда!" дыҟоуп ҳәа.
Абас зегь бџьарла еиқәных ишыҟазгьы, рыԥсҭазаареи рыхьӡи-рыхьымӡӷи иаҭаххар бџьарла ахьчара ахаҵа иуалны иахьырыԥхьаӡоз ажәлар зланибамырҵәазеи ҳәа угәы иаанагар ҟалон. Иџьашьаны ирыҩуан, 19-тәи ашәышықәсазтәи анаԥшцәеи аԥшыхәцәеи: "зегьы бџьарла еиқәных иҟоуп арахь ашьауӷатә усқәа маҷуп (мало уголовных преступлений) ҳәа. Уи зыбзоураз аҭынчратә культура ду: аинрааларатә институтқәа, ахымҩаԥгашьатә етикет, иара аибашьратә ҵасқәа, ашьауратә акультурагьы ахьыҟаз, абџьар аныҟәгара аетикет, ахархәашьа аԥҟаррақәа ахьыҟаз иахьықәныҟәоз азоуп (ари атема иацҵо лымкаала ҳазааҭгылоит уи).
Иахьагьы уарла шәарла акәзаргьы, зегьы акоуп иҟалалоит ацәажәарақәа абџьар рылхтәуп ҳәа. Уи зны ҳахысхьеит 1990-тәи ашықәсқәа аибашьра алагамҭазы аҵыс шьыга ашәақьгьы ҳамамкәа ҳанынрыжьыз. Уи амшала шаҟаҩ абџьар рымаӡамкәа аибашьра адәы аҿы иҳаԥшаауеит ҳәа ҳәызбак, ма гранатак рыманы жәылара ицазеи, шаҟаҩы ҭамхараны иҭахазеи; уаарыла автомат неимда-аимдо, бжьымз-аамз аибашьра ацәаҳәаҿы ирхыргазеи?!
Сара издыруа ала, Аԥсны абџьар арылхра акәым, Швеицариа ишыҟоу еиԥш, азыҟаҵара змоу, арра иахысны аҩныҟа ихынҳәуа, арԥыс иикыз абџьар аҩныҟа ирҭароуп. Убасҟан, иааҟәымҵӡакәа имақаруа, ицхлымуа иҳавоу ҳгәылагьы, ус иаармарианы даҽазны аҳақәлара уаҳа изыгәаӷьӡом. Убасҟан, иахьа иҳацхраауа, ҳҳәаа зыхьчо, дҳалахәҳахәҭыԥ ҳәагьы игәгьы иҭашәаӡом (насгьы, ишдыру еиԥш, уҳәаа зыхьчо иара иҳәааушәагьы унаидиҵар иҭаххар ҟалалоит).
Жәлар реизараҿы актәи аԥхьара ала ирыдыркылаз абџьар иазку азакәан аус адулара инацҵан, ҳаибашьратә доктрина инақәыршәаны, иаҭаху аԥсахрақәа алагалан иадкылатәуп.
Ҳара ҳазнысхьоу ҳҭоурых мҩаду, ҳԥышәа иаҳнарҵахьеит - аԥсуа ҳәынҭқарра баагәарас иамоу – иара зыхьчо бџьарла еиқәныху ажәлар роуп, уаҳа даҽаӡәгьы.