https://sputnik-abkhazia.info/20190506/Ubla-khyzkua-adykrynpshshy-apsny-ishtit-aglitsinia-1027279781.html
Убла хызкуа адәыкрынԥшшәы: Аԥсны ишәҭит аглициниа
Убла хызкуа адәыкрынԥшшәы: Аԥсны ишәҭит аглициниа
Sputnik Аҧсны
Аглициниа – аҟәыджәлатәқәа рахь иаҵанакуа субтропикатә ҵиаауп, уи азҳауеит Мрагыларатәи Азиа, Аҩадатәи Америка, Амшын еиқәа аҿықәан. 06.05.2019, Sputnik Аҧсны
2019-05-06T17:28+0300
2019-05-06T17:28+0300
2019-05-06T16:43+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102727/92/1027279216_0:45:2000:1176_1920x0_80_0_0_0a534ac8d97c2ce5291f5549bf4cc72e.jpg
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2019
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102727/92/1027279216_0:0:2000:1258_1920x0_80_0_0_629a79f466c8cb581542543092e68353.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
афотосахьақәа, аԥсны
Убла хызкуа адәыкрынԥшшәы: Аԥсны ишәҭит аглициниа
Аглициниа – аҟәыджәлатәқәа рахь иаҵанакуа субтропикатә ҵиаауп, уи азҳауеит Мрагыларатәи Азиа, Аҩадатәи Америка, Амшын еиқәа аҿықәан.
Зегьы бзиа еицырбо аглициниа Аԥсны ишәҭуеит мшаԥы - лаҵара ирыбжьаркуа аамҭазы. Дәыкрынԥшшәыла иҭаҳәҳәоу ари аҵиаа ашәҭ еизыхәхәақәа уахьынаԥш-ааԥшуа убла хыркуеит.
Sputnik ишәыднагалоит аглициниа шышәҭуа афотосахьақәа.

Аглициниа – аҟәыджәлатәқәа рахь иаҵанакуа субтропикатә ҵиаауп.

Раԥхьа ари аҵиаа Вистариа ахьӡын - америкатәи аҵарауаҩ, анатомиа апрофессор Каспар Вистар ихьӡынҩыланы.

Ари аҵиаа ицәааку асубтропикатә ҳауа анаалоит. Иазҳауеит Мрагыларатәи Азиеи Аҩадатәи Америкеи рсубтропикатә раионқәа рҟны, иара убас Китаи абнақәеи Ҟрыми иахьрыҵаркуа.

Аԥсабараҿы иҟоуп аглициниа ахкқәа 10.

Акыршықәса изызҳауа аглициниа 18 метра рҟынӡа аура ҟалоит. Уи аӡахәа ажәпара 40 сантиметра рҟынӡа инаӡар алшоит. 150 шықәса раҟара анҵыра амоуп.

Аглициниа азиатәи ахкы лаҵарамзазы ишәҭуеит, америкатәи - аԥхынра анҵәамҭазы. Аҩынтә раан цәыббрамзазы ишәҭуеит.

Аглициниа Аҟәатәи амҩадуқәа рҟны.

Аглициниа - ахала анхара зызҷыдоу ҵиаауп. Уи зқәыло аҵла ахәаҽуеит, изқәыло ыҟамзар, ахала еикәаҳәуеит.

Глициниа аӡахәа ирласны иазҳауеит. Хәышықәса рыла уи 12 метра рҟынӡа иазҳар алшоит.