Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Беиаԥҳа: ахаҵа арра маҵзура дахысаанӡа, хаҵаҵас ашьақәгылара ицәыуадаҩуп

© Sputnik Владислав Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеи аиҳабы Мзиа Беиаԥҳа
Владислав Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеи аиҳабы Мзиа Беиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Владислав Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеи аиҳабы Мзиа Беиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы дазааҭгылеит аҿарацәа рааӡараҟны аидеологиатә усура аҵакы атәы.
Беиаԥҳа:ахаҵа арра маҵзура дахысаанӡа, хаҵаҵас ашьақәгылара ицәыуадаҩуп

"Сара аӡәгьы аҽԥныҳәа исҭар сҭахӡам, аӡәы ахшыҩ исырҵарц сыгәгьы иҭам, аха сазааҭгылар сҭахуп аидеологиатә усура азҵаара. Уи атема аҭаацәараҿы ицәыргазароуп. Ахаҵа данхаҵаха, арра маҵзура дахысаанӡа хаҵаҵас ашьақәгылара ицәыуадаҩхоит. Уи иахысыз ауаҩы дыӡрыжәхоит. Иаҳҳәап, аибашьра иалагаанӡа ҳауаажәлар Аԥсны анҭыҵ ицаны асовет ар аҟны арра маҵзура иахысуан. Уажәы ҳара аҭагылазаашьа ҳамоуп ҳаԥсадгьыл аҩныҵаҟа арра ахысра. Сгәанаагарала ҳашколқәа рҟынгьы, аҭаацәараҟны, аҳәынҭкқарра аҩныҵаҟа иҵегьы иахылаԥшны аидеологиатә усура ҟарҵар бзиан. Иаҳҳәап, убас еиԥш хеилакк ҟалар, ашколқәа рҟны лекциақәак ирыԥхьо, лассы-ласс еиҿаҳкаалар ашколхәыҷқәеи аԥсадгьыл ахьчаҩцәеи реиԥылара, акы аҟны ҳкылсыр ҟалоит. Уажәы аиашазы иуадаҩуп ҳаамҭа, аекономика  ԥсыҽуп, аполитикатә ҭагылазаашьа ӷәӷәоуп. Абарҭқәа ирыхҟьаны арра маҵзура ахысра зцәыуадаҩу, ԥсихологиала издызымкыло ыҟоуп. Аха аҳәынҭқарратә знеишьа аҭаны ҳазнеир азҵаара, сгәы иаанагоит зыԥсадгьыл аҵеира иаԥсоу ахшара, аҷкәынцәа ҳааӡап ҳәа", - азгәалҭеит Беиаԥҳа.

Иахьа 74 шықәса ҵит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны аиааира гоижьҭеи. 55 нызқьҩык инареиҳаны Аԥснынтәи еибашьуан адгьыл аҟны, ажәҩан аҿы, амшын аҟны. Урҭ рахьынтә 15 нызқьи 500-ҩык  аԥсыуаан.

17 нызқьи 430 –ҩык аибашьра адәы аҟынтәи изыхнымҳәит аҩныҟа. Аԥсны иалҵыз 22-ҩык Асовет Еидгыла афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы иаԥсахеит, хҩык Ахьӡ-аԥша аорден аҩаӡарақәа рыхԥагьы ранашьан.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Ажәабжьқәа зегьы
0