Сергеи Доренко иԥсра зыхҟьаз шьақәыргылоуп

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСергеи Доренко
Сергеи Доренко - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи ажурналист Сергеи Доренко 59 шықәса шихыҵуаз иԥсҭазаара далҵит. Анышә дамардоит Троекуртәи аԥсыжырҭаҿы.

АҞӘА, лаҵара 10 - Sputnik. Москва дзықәшәаз амҩатә машәыр ашьҭахь иԥсҭазаара далҵит Урыстәылатәи ажурналист Сергеи Доренко. Арадиостанциа "Говорит Москва", аӡбарҭатә медекспертцәа ражәақәа шьаҭас иганы, адырра ҟанаҵоит Доренко иԥсра зыхҟьаз игәы ада ду ахьыԥжәаз ауп ҳәа.

Сергеи Доренко - Sputnik Аҧсны
Иԥсҭазаара далҵит ажурналист Сергеи Доренко

59 шықәса зхыҵуаз Доренко иԥсра зыхҟьаз аҭыԥ змаз амҩатә машәыр акәӡам ҳәа ишьақәыргылоуп.

Уаанӡа АИХ рдыррақәа рыла Доренко мотоциклла дышцоз, иаалырҟьаны дкаҳаит. Авариа зыхҟьазгьы игәабзиара аҭагылазаашьоуп ҳәа рҳәеит ажурналистцәа.

Сергеи Доренко – арадиостанциа "Говорит Москва" аредактор хада. Диит 1959 шықәса рзы, Керчь. РУДН доушьҭымҭоуп. Ателеканалақәа ВГТРК, РТР, НТВ, арадио "Эхо Москвы" рҟны аус иуан. 2008 - 2013 шықәсқәа рзы Доренко арадиостанциа "Русская служба новостей" аредактор хадас дыҟан.

Ажәабжьқәа зегьы
0