АҞӘА, лаҵара 13 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәатәи ақалақьтә еизара аӡбра аднакылеит амҩа Март 4 Фазиль Искандер ихьӡ зху амҩа ҳәа ахьӡ ԥсахзарц.
Уаанӡа, амҩа Март 4 Фазиль Искандер ихьӡ зху амҩа ҳәа ахьӡ ԥсахны Марыхәтәи амҩа Март 4 амҩа ҳәа ахьыӡҵахарц ажәалагала ҟанаҵеит ашәҟәыҩҩы ихьӡ анаӡаӡатәразы иаԥҵоу Акомиссиа. Ажәалагала адгылара аиҭеит Аҟәа ақалақь ахада Адгәыр Ҳаразиа.
Фазиль Искандер ихьӡ зху акультура Жәларбжьаратәи афонд "Ауаҩы игыларҭа" адиректор Шьазины Агрԥҳа аӡбра аҳҭнықалақь ауааԥсыра рзы еиԥш асасцәа рзгьы аҵакы аманы иҟоуп ҳәа ахылҳәааит.
"Ари амҩаҿы Фазиль Искандер иҩны ахьгылоу адагьы ароуп ихәыҷра ахьихигаз. Иҩымҭақәа жәпакы рҿы арҭ аҭыԥқәа еилыкка иубоит", - ҳәа лҳәеит лара.
Ашәҟәыҩҩы дахьиз аҩны 139 шықәса ахыҵуеит. Аҩны ахьгылоу адгьылҭыԥ ашәҟәыҩҩы иабду иаахәамҭоуп. Ибрагим Искандер иргыламҭоуп ҩбаны еихагылоу ахыбра.
Фазиль Искандер иҩымҭақәа жәпакы рҿы арҭ аҭыԥқәа еилыхха иубарҭоуп.