Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Арсалиаԥҳа "Аҵх амузеи аҟны" азы: аҭааҩцәа рзы лымкаала апрограмма еиҿкаауп

© Sputnik Томас ТхайцукЕльвира Арсалиаԥҳа
Ельвира Арсалиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит "Аҵх амузеи аҟны" акциа шымҩаԥысуа атәы.
Арсалиаԥҳа "Аҵх амузеи аҟны" азы: аҭааҩцәа рзы лымкаала апрограмма еиҿкаауп

"Ари амш шәкы инареиҳаны аҳәынҭқаррақәа рҟны иазгәарҭоит. Хықәкы хадас иамоу амузеи аусура, аԥсҭазаара иаҳа азҿлымҳара арҭартә аҟаҵара ауп. Сынтәа амузеи амш атәы ҳҳәозар, даара аинтерес аҵоуп, иаартхоит аекспозициа ҿыцқәа", - ҳәа адырра ҟалҵеит Арсалиаԥҳа.

Лара инарҭбааны дазааҭгылеит аҳҭнықалақь аҟны иҟоу амузеиқәа аҭааҩцәа ирыдыргало апрограмма атәы.

"Акультуратә ныҳәеиԥш имҩаԥаагар ҳҭахуп "Аҵх амузеи аҟны". Иаҳҭахуп иааиуа ашықәсқәа рзы аҳҭнықалақь аҟны иҟоу рнаҩс Аԥсны егьырҭ амузеиқәагьы ауснагӡатә зхы алазырхәуа рхыԥхьаӡара еизҳаларц", - азгәалҭеит Арсалиаԥҳа.

Лаҵарамза 18 рзы "Аҵх амузеи аҟны" акциа мҩаԥысуеит. Ашьыжь инаркны ҵхыбжьонынӡа амузеиқәа хәыда-ԥсада аҭааҩцәа рзы рышәқәа аартызаауеит.

Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0