Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ласариаԥҳа еиҭалҳәеит аинвестициатә проектқәа рышәҟәынҵа феидас иалоу атәы

© Sputnik Саида Ласариаԥҳа
Саида Ласариаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарратә инвестициатә агентра иаԥнаҵеит аинвестициатә проектқәа рышәҟәынҵа. Уи хықәкыс иамоу, аинвесторцәеи ахаз хатәра змоуи аҳәынҭқарратә хатәра змоуи рыбжьара аусеицура ахьынӡаманшәалахо атәы еиҭалҳәеит арадио Sputnik аҟны Аҳәынҭқарратә аинвестициатә маҵзура аспециалист хада Саида Ласариаԥҳа.
"Хра злоу ахҭысқәа": Ласариаԥҳа аинвестициатә проектқәа рышәҟәынҵа иазкны

"Аҳәынҭқарратә инвестициатә маҵзура аинвестициатә проектқәа рышәҟәынҵа аус  аднаулоит. Уи ахықәкы - Аԥсны иҟоу аинвестициатә обиектқәа ҭыԥк аҟны еизганы, аинвестор иманшәаланы идгалара ауп, иара убасгьы Аԥсныҟа аинвестициақәа радԥхьалара ауп. Ашәҟәынҵаҟны еизгахоит иаҳа азҿлымҳара зуҭаша, убасгьы асоциал-економикатә ҭахрақәа ирықәшәо, афинанстә цхыраара зҭаху апроектқәа", - адырра ҟалҵеит Ласариаԥҳа.

Аинвестициатә проектқәа рышәҟәынҵа ҭагалоуп аҳәынҭқарратә инвестициатә маҵзура асаит аҟны.

Ласариаԥҳа иазгәалҭеит аинвестициатә агентра афинанстә цхыраара шыҟанамҵо, уи азҵааразы ирыдҵаало шыҟоу. Агентра аусзуҩцәа ацхыраара ҟарҵоит апроект адгалара аус аҟны. Лара лажәақәа рыла, Аԥсны абизнес арҿиара азҿлымҳара азҭоз, ҵыԥх ирыдҵаалоз реиҳараҩык ақыҭанхамҩа арҿиареи аалыҵ аҭыжьреи апроектқәа рзы шракәыз.

Аинвестициатә агентра аусзуҩ адырра ҟалҵеит аинвестициа зҭаху аобиект аԥшәмацәа рус арманшәаларазы анкета шышьақәыргылоу.

"Ишыжәдыруа еиԥш, абизнес-план аҩра аамҭагьы, аԥарагьы маҷымкәа иагоит. Убри аҟынтәи анкета даара иманшәалоуп. Дазусҭазаалакгьы ҳсаит аҟны илшоит анкета ахарҭәаара. Аинтернет ахархәара зцәыуадаҩу даҭаар илшоит аинвестициатә агентра, ҳашәқәа еснагь иаартуп", - лҳәеит Ласариаԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0