Омар Мерцхәылаа изы аинформациа иаша ҟазҵо миллион мааҭ ранашьахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАрхивное фото служебного автомобиля МВД Абхазии
Архивное фото служебного автомобиля МВД Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 18 рзы Аҟәа араион апрокуратура ашьаус хацнаркит Аԥсны атәылауаҩ Омар Мерцхәылаа имҵарсра инадҳәаланы.

АҞӘА, лаҵара 15 - Sputnik. Аԥсны атәылауаҩ Омар Мерцхәылаа дахьыҟоу аҭыԥ азы аинформациа иаша ҟазҵо гәазыҟаҵарак аҳасаб ала миллион мааҭ рыҭахоит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Facebook аҿтәи аофициалтә даҟьаҿы.

Адыррақәа рзы аинырртә ҭелқәа: 8 (840) 229-72-73, 8 (840) 229-73-00, +7 (940) 720-22-02; e-mail: admin@mvdra.org; Viber и WhatsApp: +7 (940) 743-02-02.

Омар Мерцхәылаа иӷьычра инамаданы Аҟәа араион апрокуратура ашьаус хацнаркит мшаԥы 18 рзы. Убри инадҳәаланы хҩык ауаа аанкылоуп.

Аӡбарҭа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа мап акит Мерцхәылаа иус ала иаанкылоу руаӡәк иоужьра

Мшаԥы 19 рзы ақәылареи, ауаҩы иӷьычреи, анаркотик маҭәашьарқәа реикәыршареи, амашьына аӷьычреи, абџьар закәаншьаҭада амазаареи дрылахәуп ҳәа даанкылан Адгәыр Ӡкәуа. Ӡкәуа ихы ахара адиҵом.

Мшаԥы 24 рзы ақәылареи, ауаҩы иӷьычреи, амашьына аӷьычреи, абџьар закәаншьаҭада амазаареи дрылахәуп ҳәа даанкылан Беслан Бганба. Бганба ихы ахара адиҵом.

Мшаԥы 30 ақәылареи, ауаҩы иӷьычреи, амашьына аӷьычреи, абџьар закәаншьаҭада амазаареи дрылахәуп ҳәа даанкылан Ерик Ҷкадуа. Аҟәатәи аӡбарҭа арҭ ахҩык ҩымз ҳәа иааннакылеит.

Аусҭҵаара иацҵоуп, Омар Мерцхәылаа дахьыҟоу макьаназ ишьақәыргылам.

Мшаԥы 17 асааҭ 22:40 рзы 1979 шықәса рзы ииз Мерцхәылаа Омар Даҭикәа-иԥа ихатәы машьына Mercedes-Benz Sprinter ала апассаџьыр диманы Гәымсҭа ақыҭа Ешыратәи амҩала дымҩасуан.

Амашьына ааныркылеит автомашьына шкәакәа иҭыҵыз, акамуфлиаж форма зшәыз, асабрадақәа зҿаз, бџьарла еибыҭаз хҩык ахацәа. Урҭ Мерцхәылаа имашьына дҭыганы дыргеит.

Ацәгьоура - Sputnik Аҧсны
Омар Мерцхәылаа иӷьычра иалаҟьашьуп ҳәа гәҩарас ирымоу хҩык ауаа аанкылоуп

Анаҩс Mercedes-Benz Sprinter рыԥшааит Гәымсҭа ақыҭа иахьаҵанакуа уаҩы иахьиҿахырсҭам ҭыԥк аҟны.

Аамҭақәак рышьҭахь, ирӷьычыз ахаҵа Омар Мерцхәылаа иԥшааразы аоперативтә усҭҵаарақәа рымҩаԥагараан ирбеит уанӡа иӡаз автомашьына "Mercedes-Benz". Амашьына рыԥшааит асовхоз "Субтропик" агаражтә хыбрақәа рҿы.

Азинхьчаратә органқәа русзуҩцәа амашьына асалон иҭыргеит абџьар, аџьаԥҳаны, акомуфлиажтә форма, асабрадақәа, анапҭырԥақәа. Иара убасгьы амашьына абагаж иҭан Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә номерқәа. Аҩбатәи агараж аҿы ирбеит уаанӡа имҵарсыз автомашьына "Lexus".

 

Ажәабжьқәа зегьы
0