Валериа Адлеиаԥҳа "Ты супер" шынлыжьуа атәы лҳәеит

© SputnikВалериа Адлеиаԥҳа "Ты супер" шынлыжьуа атәы лҳәеит
Валериа Адлеиаԥҳа Ты супер шынлыжьуа атәы лҳәеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Авокалтә шоу "Ты супер! Суперсезон" афиналбжа мҩаԥысит Москва, лаҵара 19 рзы.

АҞӘА, лаҵара 19 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Апроект "Ты супер! Суперсезон!" алахәыла Валериа Адлеиԥҳа аҳәамҭа ҟалҵеит афиналбжатә концерт ашьҭахь ашоу шаанлыжьуа.

Афиналбжаҿы Валериа иналыгӡеит ашәа Rise up. Ажиури рылкаа рҳәаанӡа аҳәамҭа ҟалҵеит афинал ахь дшымнеиуазы.

"Сара сгәаанагарала асеиԥш еиҳа ииашахоит. Сара знык абри апроект аҟынтәи сыззыԥшыз зегь соуит. Зегь раасҭа ихадоу - сҭаацәеи сареи ҳаицынхоит. Ари апроект аҩызцәа рацәаҩны иснаҭеит", - лҳәеит лара.

Валериа Адлеиаԥҳа – ашоу "Ты супер!" актәи асезон аҟны иаиааиз шәаҳәаҩ қәыԥшуп.

Жәларбжьаратәи авокалтә еиндаҭлара "Ты супер! Суперсезон" ахԥатәи асезон хацыркхеит Москва, хәажәкырамзазы.

Валериа Адлеиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Валериа Адлеиԥҳа Sputnik апресс-центр аҿы еиҭалҳәоит "Ты супер" дшалҵыз атәы

Ари асезон егьырҭ излареиԥшым – иара иалахәхеит ҿыц уахь инеиз 21-ҩык рыдагьы, уаанӡатәи асезонқәа ирылахәыз 36 шәаҳәаҩы.

Апроект "Ты супер!" ҩышықәса рыҩнуҵҟа 174-ҩык ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи рҟазара, рҟыбаҩ аадырԥшразы алшара рынаҭеит. Иҟоуп ашоу ашьҭахь аҭаацәара ҿыц изаузгьы.

"Ты супер!" алахәылацәа жәпаҩык иахьа еиуеиԥшым амузыкатә еиндаҭларақәа, жәларбжьаратәиқәагьы абрахь иналаҵаны, ирлахәылацәоуп. Аҩбатәи асезон аҟны аиааира згаз Диана Анкудинова лакәзар, YouTube аҟны лықәгыларақәа 2018 шықәса рзы зегь раасҭа изхәаԥшыз ракәны иалкаан.

Апроект аепизодқәа НТВ асаити YouTube аофициалтә-канали 300 миллионҩык ахәаԥшхьеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0