Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит Гагра

© Sputnik Томас ТхайцукДень памяти жертв Кавказской войны.
День памяти жертв Кавказской войны. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амҳаџьырра ашықәсқәа раан зыԥсадгьыл иахцаз ҳауаажәлар ргәаладыршәеит Гагра.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Кавказтәи аибашьра иалагӡаны, мчыла зыԥсадгьыл иахцаз аԥсуа жәлар ргәалашәара аҳаҭыр азы, лаҵара 21 ахәылбыҽхан, Гагра ақалақь имҩаԥысит цәашьымцала амшын аԥшаҳәа анысреи, ашәҭ шьыҵәрақәа амшын аҭареи, алахьеиқәҵаратә митинги.

© Foto / Музаффар ОстановДень памяти жертв Кавказской войны
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит Гагра - Sputnik Аҧсны
День памяти жертв Кавказской войны

Сынтәа, арҭ ахҭыс еиқәаҵәақәа раахыс 155 шықәса ҵит. Аха зыԥсадгьыл иазынхаз, ҽназаҵәыкгьы ирхадмыршҭит ирҟәыҭханы, атәым дгьыл ахь иахырцаз рашьцәа.

Гагра араион аҟны, лаҵара 21, Кавказтәи аибашьра иалаӡызи, мчыла иахыгаз Кавказ ашьхарыуа жәларқәа ргәалашәара амш ҷыдала иазнеиуеит. Уи есышықәса рхы аладырхәоит араион Ахадара, адепутатцәа, ақыҭақәеи, аҳаблақәеи рхадацәеи, рхаҭарнакцәеи, анаплакқәеи, аусбарҭақәеи реиҳабацәеи, русзуҩцәеи, ашколхәыҷқәеи, астудентцәеи, ауаажәларреи.

Кавказ ажәларқәа рхырҵәара амш апрограмма ркьаҿуп имҩаԥысуа акциа инадҳәаланы - Sputnik Аҧсны
Кавказ ажәларқәа рхырҵәара амш апрограмма ркьаҿуп имҩаԥысуа акциа инадҳәаланы

Лаҵара 21 аҽны, Гагра ақалақь ажәытә хәҭа, "Колоннада" аӡыршә аҟнытә, асқьалаҟынӡа аныҟәара иалахәыз, уаҟа, аԥсуа мҳаџьырцәа рбаҟа аргылара азԥхьагәаҭаны иахьыҟоу аҭыԥ аҿгьы ишьҭарҵеит ашәҭ шьыҵәрақәа.

Анаҩс, алахьеиқәҵаратә митинг аартуа, Гагра араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Геннади Ҵәыџьба еизаз зегьы минуҭктәи аҿымҭра рылеиҳәеит. Ашьҭахь, иажәа иацҵо иазгәеиҭеит, ари аҭоурыхтә хҭыс хашьҭра шақәым, егьа шықәсы рацәа ҵыргьы, ажәлар ргәалашәараҿы аҭыԥ ҷыда шаннакылало.

Гагра араионтә Еизара ахантәаҩы Асҭан Агрба иакәзар, инаҵишьит, жәытә аахыс, аԥсуаа ирхыргахьоу агәаҟрақәа, амҳаџьырра аԥхьа ишгылоу.

"Аԥсуа жәлар абжеиҳан Ҭырқәтәылеи, Ааигәа Мрагыларатәи атәылақәеи уҳәа рахь ихырҵәан. Иахьа уажәраанӡа, дара рыҟамзаара даара иаҳныԥшуеит. Убри аҟнытә, аус ду мҩаԥгатәуп, еиҵагылаз абиԥара Аԥсныҟа рхьарԥшразы. Ииашоуп, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь ихынҳәқәаз ыҟоуп, аха ҳара иӷәӷәоу аҳәынҭқарра шьақәҳаргыларц, ҳдемографиа шьҭаҳхырц азы, атәым дгьыл аҿы инхо аԥсуаа аӷьырак рџьынџьдгьыл ахь иаароуп", - иажәа иациҵеит адепутат.

Аҵыхәтәаны, ашколхәыҷқәа ирыԥхьеит амҳаџьырра атема зныԥшуаз ажәеинраалақәа.

Убас ажәҩан ахь ишьҭын, асимволтә ҵакы змаз 155 цыра апышҭақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0