Ажəа аԥсы ахазҵоз: Константин Ченгелиа иԥсҭазаара далҵит 89 шықәса дшырҭагылаз

© SputnikКонстантин Ченгелия
Константин Ченгелия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа композитор, Дырмит Гəлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа занашьоу, иара убас апремиа "Летопись войны" иаԥсахаз, "Ахьӡ-Аԥша" аорден ахҧатəи аҩаӡара занашьоу Константин Ченгелиа иԥсҭазаара далҵит 89 шықәса дшырҭагылаз, лаҵара 22 аҽны.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Аԥсуа композитор, аҳəынҭқарратə премиа алауреат, Дырмит Гəлиа ипремиа занашьоу, иара убас апремиа "Летопись войны" иаԥсахаз, "Ахьӡ-Аԥша" аорден ахԥатəи аҩаӡара занашьоу Константин Ченгелиа ирҿиара, иаԥҵамҭа шьахəқəа ахааназы ԥсра-ӡра рықəым.

Константин Ченгелия - Sputnik Аҧсны
Кәасҭа Ченгьелиа агәыԥ "Аиааира" аԥҵара иазкны: 26-ҩык ашәаҳәаҩцәа ҟалеит

Аҭынч ԥсҭазаареи, аибашьреи, аԥсуа жəлар рдоуҳаи, ибаҩхатəреи ирхылҵыз ашəақəа, амузыка, ҳажəлар рхы-ргəаҿы инхеит, абиԥарақəа инеимдаа-ааимдо ирҳəалап, инарыгӡалап.

Аԥсны Жəлар рартист, акомпозитор Руслан Агəмаа, Кəасҭа Ченгелиа иԥсҭазаара иалҵра гəалсрыла идикылеит, гəыблыла дигəалаиршəоит.

"Кəасҭа Ченгелиа, ауаҩы бырфын, ауаҩы цқьа, аԥсуа иаша захьӡыз иакəын. Убри инаҷыданы, амузыка аганахь ала уихцəажəозар, апрофессионал бзиа, амузыка бзианы издыруаз, аԥсуа музыка аколорит, аԥсуа жəлар рашəақəа инҭҵааны издыруаз иакəын", - ҳəа азгəеиҭоит Агəмаа.

Кəасҭа Ченгелиа ирҿиара акəзар, еиуеиҧшым ажанрқəа рыла еиларсуп. Ԥсабарала аҟыбаҩ злаз, ажəа аԥсы ахазҵоз акомпозитор, асценаҿы ицəырҵра иаҳəоз рацəан, иамаз аҵакы дуун.

"Еиуеиҧшым ажанрқəа рыла аус иуан, аестрадатə ашəақəа иман, жəлар рашəақəа иман, асимфониатə орекстр аҟноума, инапы злакыз аусқəа зегьы рҟны ихы бзианы иааирԥшуан, дызлагоз аусқəа зегьы иқəманшəалахон", - иҳəеит акомпозитор.

Руслан Агəмааи Кəасҭа Ченгелиеи ҩынҩажəижəаба шықəса ҵуеит еибадыруеижьҭеи. Ҟазшьала даара илахҿыхыз, агəамҵра зламыз уаҩны диԥхьаӡоит, дхатəраны дихəаԥшуеит.

Ансамбль Нарҭаа - Sputnik Аҧсны
Венгриа зыршанхаз "Нарҭаа", мамзаргьы "Ахьтәы Таташь" аҭоурых

"Знык сара абри ауаҩы дгəамҵуа, аӡəы диацəҳауа дсымбац.  Еснагь ихы-иҿы еихаччон, алаф иҳəон. Даара ицəыӡ дууп ҳəа сыҧхьаӡоит Ченгелиа иҟамзаара, иааҧсара даара ирацəоуп. Очамчыра ансамбль "Ерцахə" еиҿикааит, Гəдоуҭа анасамбль "Риҵа" еиҿикааит, абыргцəа рансамбль иманы  Венгриа дцан "Ахьтəы павлин" ааигеит, ашколқəа рҟны аума, астудентцəа, аҵаҩцəа уҳəа  иааӡаамҭацəа рацəаҩуп, иара убас анасамбль "Гəында" аус адиулон", - ҳəа азгəеиҭоит Руслан Агəмаа.

Кəасҭа  Ченгелиа аибашьра анцоз аамҭазы еиҿикааит ансамбль "Аиааира". Шəкы инареиҳаны аконцертқəа аибашьра ацəаҳəаҿи ахəышəтəырҭақəеи рҿы имҩаԥигахьан, ашəақəа маҷымкəа иҩхьан. Аиааира иасимволны иҟалеит Лиолиа Тəанԥҳа лажəақəа рыла Ченгелиа ииҩыз ашəа "Аиааира".

"Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьраҿы игаз Аиааира 25 шықәса ахыҵит, есышықəса аиубилеи ҟалацыҧхьаӡа, иазгəаҳҭацыҧхьаӡа,  аибашьра аӡбахə анаҳҳəо, ианакəызаалакгьы ари ашəа хашҭра зақəлом, адунеихааназы зыҧсы ҭоу шəаны иаанхоит. Ҿырҧштəык ауп ари, ус еиҧш инапы иҵижьхьоу аҿырԥштəқəа рацəоуп Ченгелиа", - иҳəеит акомпозитор Агəмаа.

Руслан Агəмаа игəалаиршəоит, акассетақəа, адискқəа  аныҟамыз аамҭазы, апластинкақəа аҳра аныруаз, Терент Ҷаниа, Кəасҭа Ченгелиа, нас Барцыц агитара арҳəаны аашəа бзиақəа "Сылашара", "Кофҭа шкəакəа", иара Ченгелиа иашəақəа анҵаны иаԥырҵахьеит.

Константин Ченгелиа аҧсҭазаара бзиа ибон, иуаажəлар дырзааигəан, дырзышəаҳəон, аԥсуа культура ӡыригон, амаҵ азиуан. Ишьҭамҭа аԥсуа ҭоурых ианымҵуа иазынижьит.

"Шəышықəса снеироуп ҳəа иақəкны иман, аха рыцҳарас иҟалаз 90 шықәса рҟынӡа дзымнеит.  85 шықәса анихыҵуаз имш ира аназгəаҳҭоз, ус иҳəеит: "Аурыс актиор ду Зельгин 100 шықәса дырхысит, сара саҧсыуоуп, 100 шықәаса рҟынӡа сымнеир ҟалаӡом" - ҳəа. Аха, игəыҕра наӡартə изыҟамлагəышьеит, ҳгəы далсит", - иҳəеит Руслан Агəмаа.

Кəасҭа Ченгелиа игəалашəара лаша, иаҧцамҭа ссирқəа, ирҿиара ахааназы еихсыҕьра ақəлом, ес-ииуа ирыциуеит.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0