Гагра апальмақәа рыхәшәтәра иацҵоуп

© Foto / Саида ЖибаЛечение пальм в Гагре
Лечение пальм в Гагре - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра ақалақь аҵакыраҟны апальмақәа рыхәшәтәра иацҵоуп.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Гагра аҵакыраҟны изызҳауаз 220 пальма ақалақь аиҿкаареи, арԥшӡареи знапы иану акомбинат рыхәшәтәра ианалага, иаарԥшхеит урҭ рахьтә 12 реиқәырхара шалмыршахо. Абжы ҟаԥшь згәылалаз амальмақәа хырымҵәар амуит, урҭ аилаҳәарақәа рыкәыршаны иазалхыз аҭыԥ аҟны ижын, егьырҭ 208 ахәшә рықәҭәоуп.

Акция Лечение пальм прошла в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Ҷыҭанаа: апальмақәа есымза рыхәышәтәра мҩаԥаагалоит

"Апальмақәа ҳхәшәтәуеит Гагра араион Ахадара ахарџь ала иаахәоу ахәшә Контадор ала. Аҵлақәа зегьы рықәцә ала иалаҭәоуп ахәшә. Зныктәи ақәҭәара, апальмахь ахәаҷа нанашьҭуам мызкы аҟынӡа. Ихаҳҵәаз ракәзар, агәыҵә игәылоу ахәаҷа гәылымшәарц азы- иаҳжит", - ҳәа мҳәеит ахәшәтәра амҩаԥысшьа иахылаԥшуа агроном хада Дариел Џьниа.

Иахьа, Гагра ақалақь аиҿкаареи, арԥшӡареи знапы иану акомбинат, акурорттә комплексқәа рҵакырақәа рҟны изызҳауа аҵлақәа реиқәырхара иаҿуп. Дара ирылшо зегь ҟарҵоит ҳаԥсабара иагәылҷҷаауа апальмақәа аԥсы рхаҵаразы, аха абжы ҟаԥшь наҟ-наҟ ахы шымҩаԥнаго аилкаара уадаҩуп.

© Sputnik / Томас ТхайцукГагра апальмақәа рыхәшәтәра иацҵоуп
Гагра апальмақәа рыхәшәтәра иацҵоуп - Sputnik Аҧсны
Гагра апальмақәа рыхәшәтәра иацҵоуп

Ахәаҷа апальма агәы афоит аҟнытә, аҵла излазҳауа ала ақәцә хьынаауеит, убри алагьы ишчмазаҩу еилукаауеит. Абжы ҟаԥшь ахьҭақәа ҟалаанӡа иазҷыдоуп аԥырра, анаҩс аҵла агәыцә аҿы аҽаҵәахуеит.

Иазгәаҭатәуп, ахәаҷа иашьыз апальмақәа анхырҵәоз, урҭ рымахәқәа, аԥхынтәи амшын аԥшаҳәатә хыҵакырҭақәа рхыбразы иаҳәоз ауаа шыҟаз. Аха урҭ мап рыцәкын.

Гагра ақалақьуаа агәыхь ду рнаҭеит, еицырдыруа ақьафурҭа "Гагрыԥшь" аҿаԥхьа шықәсы рацәала изызҳауаз апальма аиқәырхара ахьалымшаз.

"Ҳақалақь иаҭаауа зегьы апальмақәа ирыбжьакыу "Гагрыԥшь" аԥхьа рфотосахьақәа аҭыхра традицианы ишьақәгылахьан. Иахьа уахьынаԥшуа аобиект еилыхушәа иҟалеит. Ииашоуп, ахәаҷа иашьыз ықәгатәын, аха ианбазҳауа ашьап ҿыцқәа еиҭарҳаргьы, насгьы ҳгәыӷратәы ҳаҟоума, абжы ҟаԥшь шьаҭанкыла инырҵәахоит ҳәа", - агәҭынчымра аалырԥшуеит Венера Трапизониан.

Акурорттә қалақь Гагра иацәыӡит канартәи апальмақәа 12. Ақалақьуаа агәыӷра рымоуп аԥхасҭа ари аҿы иаангылап ҳәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0