00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Актуальный комментарий
14:23
7 мин
Новости 14.30
14:31
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:52
7 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:52
7 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
12 мин
On air
18:19
3 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Актуальный комментарий
Как и когда пройдут выборы в Парламент Абхазии по Драндскому округу
18:50
7 мин
Турбаза
Глэмпинг в Абхазии: спрос и предложения
18:56
19 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ҷыҭанаа: апальмақәа есымза рыхәышәтәра мҩаԥаагалоит

Анапаҵаҩра
Апальма бжи аладамерикатәи ахьычԥаԥыри ирхырҟьаны 2018 шықәса рыҩныҵҟа Аҟәа 21 пальма хырҟааит, Гагра – 20.

АҞӘА, мшаԥы 25 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Апальмақәа есымза рыхәышәтәра мҩаԥаагалоит ҳәа иҳәеит Аԥсны аминистрцәа реилазаара аилацәажәараҿы Аԥсны аекологиеи аԥсабареи рыхьчаразы аилак ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.

2018 шықәса рзы аҟәатәи апальмақәа ҩынтә ирхәышәтәит.

Лечение пальм в Гагре - Sputnik Аҧсны
Аԥсны апальмақәа рыхәышәтәра азыԥхьагәарҭоит

"Сынтәа есымза ахәыәшәтрақәа мҩаԥаагаларц ҳаилацәажәеит. Уи азы ҳазыҟаҵоуп. Аиҳабыра 200 литра апестицидқәа аанахәеит", - ҳәа иҳәоит иара.

Савели Ҷыҭанаа иҳәеит Аԥыза-министр идҵала ишеиҿкааз акомиссиа ҷыда ахәаҷа-маҷақәа рықәхразы. Акомиссиа анапы ианҵан ареспублика иахьаҵанакуа апальмақәа аинвентаризациа рзура.

Ареспубликаҿ апальматә бжы раԥхьаӡа акәны ицәырҵит 2016 шықәса рзы. Ахәаҷа иалшоит хымз рыҩныҵҟа аҵла аԥхасҭатәра. Аҵарауаа ргәаанагарала абжы арахь иаанагоит аиҭаҳатә материал иацны. Иҟаҵаз аинвентаризациа инақәыршәаны Аԥсны 2600 пальма ирызҳауеит.

"Ҳара аҵла дуқәа роуп иалаҳкаауаз. Насгьы зегьы неибанеиԥшны акәымкәа ажәлахк ҷыдақәа роуп иаҳаԥхьаӡоз", - иҳәеит аеколог.

Апальмақәа рыхәышәтәра иалагеит 2018 шықәса рзы. Ааигәа ицәырҵыз аладамерикатәи ахьычԥаԥыр акәзар, зынӡа ареспубликазы иҿыцу ԥхасҭаҟаҵаҩуп.

ООН афатәааглыхратәии ақыҭанхамҩатәии еиҿкаарақәа Аԥсныҟа иаарышьҭит 55 литра апестицидқәа, 45 литра Ҭенгиз Ҭарба зхадараҿы дыҟоу аволантиорцәа иҳарҭеит, иара убасгьы Урыстәыла гуманитартә цхыраарак аҳасаб ала – 1920 литра апестицидқәа ҳзаарышьҭит ҳәа иҳәоит Ҷыҭанаа.

Аԥснытәи апальмақәа даҽа ԥырхагак рызцәырҵит

Апальма бжи аладамерикатәи ахьычԥаԥыри ирхырҟьаны 2018 шықәса рыҩныҵҟа Аҟәа 21 пальма хырҟааит, Гагра – 20.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0