SpaceX аинтернет аусуразы аорбитахь 60 спутник нанашьҭит

© flickr.comПутин: Россия в 2015 г выведет на орбиту турецкий спутник Turksat-4В. Архивное фото.
Путин: Россия в 2015 г выведет на орбиту турецкий спутник Turksat-4В. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа аракета ашьҭра изныкымкәа аҿҳәара рыԥсаххьан аҳауатә ҭагылазаашьақәа ирхырҟьаны.

АҞӘА, лаҵара 24 - Sputnik. Америкатәи аилахәыра SpaceX иатәу аракета-мҩангаҩ Falcon 9 аорбитахь икылнагеит 60 спутник ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"60 спутник Starlink қәҿиарала аорбитахь инагоуп", - ҳәа азгәаҭоуп SpaceX Twitter аҿы.

Вывоз РКН Союз-ФГ с ТПК «Союз МС-10» - Sputnik Аҧсны
"Роскосмос" аорбитахь инанашьҭуеит аспутник ҿыцқәа ԥшьба

Амыс Канаверал аҟынтәи ахәаша, асааҭ 02:30 UTC рзы аракета шьҭыԥрааит. Ашьҭыԥраара ашьҭахь аракета актәи аиҿаԥса иӡсо аплатформа Of Course I Still Love You (Атлантикатәи аокеан) аҟны итәеит.

Twitter аҿы аилахәыра аиҳабы Илон Маск иазгәеиҭеит "Starlink амиссиа SpaceX азы зегь реиҳа ихьанҭоуп. Иара акапан иартәоит 18,5 тонна".

Уи адагьы, Илон Маск иажәақәа рыла, 60 спутник рызегьы аинтернет аҽамадара рылшеит ҳәа.

"Амиссиа Starlink 60 спутник онлаин арежим ала аус руеит ", - ҳәа иҩуеит Маск.

Starlink – ҳаамҭазтәи аспутниктә ҳа, Адгьыл ауааԥсыра аинтернет рхархәаразы иаԥшьгоуп. Апроект аусура иалагеит жәабран 22, 2018 шықәса рзы. Усҟан аорбитахь ицәырган аспутникқәа Tintin-A, Tintin-B. Зынӡа Маск гәҭакыс имоуп 12000 спутник рдәықәҵара.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0