Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аџьапуа Кәасҭа Ченгьелиа изы: ихы ихашҭуама уҳәаратәы аԥсуареи ашәақәеи дырзыҟан

© Sputnik / Томас ТхайцукТото Аџьапуа
Тото Аџьапуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рартист Тото Аџьапуа арадио Sputnik аефир аҟны акомпозитор Кәасҭа Ченгьелиа дигәаларшәо, иазгәеиҭеит уи гәык-ԥсыкала аԥсуа ашәақәа дшырзыҟаз, урҭ ргәыбылра аҿар ишыдиркуаз.

Аԥсны Жәлар рартист, акомпозитор, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Аԥсны Акомпозиторцәа реидгыла ахантәаҩы, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Ахьӡ-аԥша аорден занашьаз Кәасҭа Ченгьелиа иахьа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит.

Еицырдыруа ахьыӡқәа: Аџьапуа Кәасҭа Ченгьелиа изкны

"Кәасҭа Ченгьелиа абаҩхатәра ду анцәа изанеишьаз уаҩны Аԥсны дагәылиааит. Ҳара аишьара-аиҩызара ҳабжьан. Иара гәык-ԥсыкала, ихы ихашҭуама уҳәаратәы аԥсуара, ҳашәақәа дырзыҟан. Ҳаракырала иаԥиҵоз инаҷыданы ажәлар рашәақәа уамакала дырзааигәан. Иаԥиҵоз, аҿар ажәлар рашәа агәыбылра дзыркыша акәны иҟаиҵон. Даараӡа гәалсра ду сызҭаша хҭысхеит иԥсра. Кәасҭа Ченгьелиеи сареи ҳаиҩызара, ҳусеицура, ҳашәеицҳәара мчыбжьыла иахысҳәааша сымоуп", - азгәеиҭеит Аџьапуа.

 

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0