Ланда Багаҭелиаԥҳа: аерманцәа хәыҷқәа аԥсышәала ицәажәо иҟасҵар сҭахуп

© Foto / Саида ЖибаЛанда Багаҭелиаԥҳа аурок аҿы
Ланда Багаҭелиаԥҳа аурок аҿы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион, Лаԥсҭарха ақыҭан, аерман бжьаратә школ №1 аҟны аҳәынҭқарратә бызшәа аҵара шымҩаԥысуа атәы ҳзеиҭалҳәеит аашықәса раахыс аерман хәыҷқәа аԥсуа бызшәа дзырҵо Ланда Багаҭелиаԥҳа.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Лаԥсҭархатәи аерман бжьаратә школ №1 аҟны аҵара рҵоит 121-ҩык ахәыҷқәа. Ирзааԥсо 19-ҩык арҵаҩцәа рахьтә, даарылукааратәы дыҟоуп аԥсуа бызшәа арҵаҩы Ланда Багаҭелиаԥҳа. Лара лхы аҭакԥхықәра ду адҵаны, аерман хәыҷқәа ахԥатәи акласс инаркны ашкол иалгаанӡа аҳәынҭқарратә бызшәа длырҵоит. Гәҭакысгьы илымоуп, ашкол аҭыӡқәа нрыжьаанӡа, аԥсышәала еицәажәартә еиԥш адыррақәа рыҭара.

Гагра араионтә Еизара VI-тәи ааԥхьара адепутат Ахра Бганба - Sputnik Аҧсны
Бганба аҳәынҭқарратә бызшәа азакәан азы: Гагра араион аҟны аус ауроуп

Ҩ-еихагылак змоу Лаԥсҭархатәи абжьаратә школ №1 ашҭа уанааҭало, "Бзиала шәаабеит" ҳәа аҩыра улаԥш иҵашәоит. Ауадабжьарақәа рҭыӡқәа рҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынбеи, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рқыҭауааи, Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩцәа Дырмит Гәлиеи Баграт Шьынқәбеи уҳәа ирызку акәакьқәа еиҿкаауп. 

Аԥсуа бызшәа акласс акәзар, еибыҭоуп иахәҭоу аметодикатә цхыраагӡақәеи арҵага шәҟәқәеи рыла. Ашәхымс уаахыҵыр, узмилаҭзаалак, иухаҵгыло ахәыҷқәа  "Бзиара жәбааит" ауп ирҳәо.

© Foto / Саида ЖибаЛанда Багаҭелиаԥҳа аԥсуа бызшәазы аурок аан
Ланда Багаҭелиаԥҳа: аерманцәа хәыҷқәа аԥсышәала ицәажәо иҟасҵар сҭахуп - Sputnik Аҧсны
Ланда Багаҭелиаԥҳа аԥсуа бызшәазы аурок аан

"Аԥсуа бызшәа ахәыҷқәа адырҵара ҳалагоит ахԥатәи акласс инаркны. Хымԥада аӡәырҩы ирцәыцәгьоуп ашьҭыбжьқәа рҳәара, аха џьоукых гәацԥыҳәарала рхы аус адырулоит, рҿаԥхьа маӡак аԥсышәала иааузымҳәо аҟынӡа еилыркаауа иалагахьеит", - азгәалҭеит Ланда Багаҭелиаԥҳа.

Диктант - Sputnik Аҧсны
Ацәажәара аҟынтә аус ахь

Ахәбатәи акласс аҿы аҵара зҵо аӡӷаб хәыҷы Рози Налчаџьиан лҭаацәа аамҭала Аԥсныҟа нхара иааит Ермантәылантәи. Лара убриаҟара ицқьаны ашьҭыбжьқәа лҿаҿы иааиуеит, ашәҟәы данаԥхьо, мамзаргьы ажәеинраалақәа аныналыгӡо дааџьоушьаратәы. Дыззымдыруагьы, аерман ҭыԥҳа шлакәу рзеилкааӡом.

"Сара аԥсуа бызшәа бзиа избеит. Сҭаацәагьы ирҳәо саҳахьеит, егьа бызшәа удыруандаз, ималуп ҳәа. Ҳарҵаҩы Ланда Чанҭа-иԥҳа убас аинтерес аҵаны амаҭәар ҳазналгоит, еиҭалҳәо зегьы гәныскылоит, аиҳарак ажәеинраалақәа", - лҳәоит ахәыҷы.

Ашкол адиректор Цагик Узуниан Ланда Багаҭелиаԥҳа лааԥсара ахә ҳаракны илшьоит. Хаҭалагьы лаԥсуа жәар арҭбаараҿы длыдҵаалоит.

"Ҳара Аԥсны ҳанхозар, аҳәынҭқарратә бызшәа ҳдырроуп. Агәра шәсыргоит ҳашкол аколлективи ахәыҷқәеи гәахәарала ишҳадаҳкыло ари амаҭәар", - ҳәа наҵылшьит лара.

Ланда Чанҭа-иԥҳа аԥсуа бызшәа азнагара адагьы, аԥсуара закәу деиллыркаауеит, алеишәеи, аҵасқәеи, ақьабзқәеи рҷыдарақәа рзеиҭалҳәоит.

© Foto / Саида ЖибаЛанда Багаҭелиаԥҳа лҵаҩцәа рыбжьара
Ланда Багаҭелиаԥҳа: аерманцәа хәыҷқәа аԥсышәала ицәажәо иҟасҵар сҭахуп - Sputnik Аҧсны
Ланда Багаҭелиаԥҳа лҵаҩцәа рыбжьара

Ланда Багаҭелиаԥҳа лҭаацәеи лареи Лаԥсҭарха ақыҭан аерманцәа ишрыланхогьы, аԥсшәа абжьы дыргоит, иаралоуп аҩны, адәны рҿахәы зларҳәо.

"Аколлектив аҿи агәылареи аерманцәа рыгәҭа сыҟоуп. Аха исымбои дара-дара анеицәажәо рхатәы бызшәада акгьы шырымҳәо. Рааигәара саннеилак, саҳаҭыр баны иаҳзеиԥшу аурысшәахь ииасуеит. Егьи абжьара, иалаҽхәаны, иҳаракны ирымоу аерманшәа ауп. Аха ус егьа иҟазаргьы, сара стәахьы, аԥсшәахь ииазгоит ҳәа саҿуп, схы ианықәԥшлак "бзиара ббаит" рҳәо иалагеит", - еиҭалҳәоит арҵаҩы.

Ланда Чанҭа-иԥҳа лҵаҩцәа алалырхәуеит араион аҿы аԥсшәазы имҩаԥысуа еиуеиԥшым аицлабрақәеи ахәылԥазқәеи. Рыхгьы бзианы иаадырԥшуеит.

Рауль Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҳаџьымба аԥсуа бызшәазы: зегьы ирҵартә еиԥш хәҭа-хәҭала ҳазнеироуп

Изныкымкәа аԥхьахәтә ҭыԥқәеи аҳамҭақәеи ирыԥсахахьеит.

Иахьа, Лаԥсҭархатәи абжьаратә аерман школ №1 аҵаҩцәа азшьақәеи аԥышәарақәеи рҽырзыҟарҵоит. Ахәыҷқәа аԥсуа бызшәа хәба ҳәа ирҭиир рҭахуп аҟнытә, рхаҭақәагьы аҽазыҟаҵарақәа ирыҳәоит.

Ашкол ашҭа анаансыжьуаз "Абзиараз" ҳәа ахәыҷқәа рыбжьы нсықәдыргеит.

Ухатәы бызшәа атәым милаҭ рҟнытә иануаҳауа, хымԥада угәы иахәоит, аха еиҳагьы уаргәырӷьоит уара утәқәа рыбжьара ахаан ишҿымцәаауа удыруазар…

Ажәабжьқәа зегьы
0