Ацәажәара аҟынтә аус ахь

CC0 / / Диктант
Диктант - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсышәала раԥхьатәи мҽхакыҭбаалатәи онлаин-диктант амҩаԥгара аҵаки, нас уи зхы алазырхәыз рхыԥхьаӡара - абызшәа апроблема згәы иҵхаҵәҟьо шырацәаҩым шаршаҳаҭуеи атәы дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Асабша абҵара 15 рзы имҩаԥысит аԥсуа бызшәа арҿиаразы акыр зҵазкуа аҭоурыхтә хҭыс. Ииашоуп, ари ахҭыс иахьатәи аполитикатә еилаҩеиласраҿы адгылара дук амоуит, аха зегь акоуп аҵакы шдуу иаанхоит. 

Ацәажәара аҟынтә аус ахь

Сыԥсҭазаараҿы аҵыхәтәаны ԥсышәала адиктант сыҩхьеит 38-ҟа шықәса раԥхьа, Кәтол ашкол санҭаз. Убри аахыижьҭеи, ԥсышәала иааиԥмырҟьаӡакәа сшыҩуагьы, адиктант ахаҭа сымҩыцызт. Асабша имҩаԥысит ԥсышәала онлаин-диктант захьӡу аус. Ари аус аиҿкаара нап азыркыз Инал Габлиа занааҭла дышекономистугьы, иӡбеит ацәажәара аҟынтә аус ахь аиасра. Москва еиҿкаау "Алашарбага" захьӡу онлаин-ашкол аҳәаақәа ирҭагӡаны иазгәаҭан ԥсышәала адиктант аҩра. Уи рхы аладырхәырц рылшон уи ашкол иаҭаауа реиԥш, егьырҭ асоциалтә ҳақәа рҭааҩцәагьы. Иҟан алшара, аинтернет еимадара абзоурала, аҩны уштәоу аԥсышәала адиктант аҩразы.

Ари ажәабь Феисбук адаҟьаҿы санаԥхьа сҽазыскит адиктант сҩырц. Уадаҩрас сара сзы ари иацыз, аинтерент еимадара еиԥҟьар ахьалшози, насгьы компиутерла аимадара ашьақәыргылареи ракәын. Асабшаҽны скомпиутер снадтәалеит, анкьа ашкол санҭазтәи сгәыхыҭхыҭра ацны. Аиашазы, адиктант аҩра игәышьҭыхгоу ацәаныррақәа ацын, хәҭакахьала ухы ԥушәоит, даҽа ганкахьала — иуашәшәыроу ҳбызшәатә ҭагылазаашьа арҿиара уахәҭакуп. Аԥсны ҩыџьа ааидгылар аԥсшәа аӡра иаҿуп ҳәа еидашшылоит акәымзар, Инал Габлиа иеиԥш хра злоу аусқәа аԥшьызго маҷҩуп.

Асабша асааҭ жәаҩа рылагамҭазы сҩыга, сқьаад уҳәа сыҽсырхиеит, аха сгәы шазҩоз еиԥш, исоуит ауадаҩрақәа онлаин-диктант аҽақәыршәаразы, исцәыуадаҩхеит уи асаит аартра. Ус акәзаргьы, заа ари аус сызлашьҭалахьаз ала, арадио Sputnik Аԥсны аредактор Сусана Саӡԥҳа лыбзоурала, адиктант сҽахьысыгӡеит. Ашкол салгеижьҭеи аҩыратә ԥҟарақәа акыр рҽеиҭаркхьазаргьы, зегь акоуп уи сацәымшәакәа исҭахын хымԥада ари аҭоурыхтә хҭыс сҽаласырхәырц. Адиктант аԥхьара ианалага издырит, Иван Папасқьыр ироман "Аԥҳәыс лыпату" аҟынтә шакәыз. Адиктант сара сзы иуадаҩмызт, иагьырацәамызт, зны-зынла иаԥхьоз илҳәоз ибзианы ишысмаҳауазгьы, гәынхәҵысҭала сҽахьысыгӡон. Ианызҩы, иаразнак иҭыхны ирзысышьҭит. Амҽышаҽны сара счат аҿы исоуит Инал Габлиа иҟынтәи ашәҟәы "даара ибзианы ишәҩыит" зҳәоз. Сара сзы ари ашықәс ҿыцазтәи зеиӷьыҟам ҳамҭоуп.

апрофессор Лили Ҳагԥҳа - Sputnik Аҧсны
Лили Ҳагԥҳа: абызшәа аԥсы ҭоуп – ахархәара анамоу, – мамзар иаангылоит

Ишеилыскааз ала, ари адиктант аҩра зынӡа Аԥснынтәи  рхы аладырхәит 5-ҩык, Твери Казнаи инхоз рахьтә 5-ҩык. Аиашазы, абраҟоуп иахьыҵәахыу ҳара аԥсуаа ҳабҩарақәа. "Алашарбага" захьӡу онлаин-ашкол анапхгаҩы Инал Габлиа адиктант аҩра шыҟалоз аинтернет аҳәаақәа рҿы акыр иӡыригахьан, Sputnik Аԥсны асаит аҿы имаҷымкәа аинтеривиуқәа ҟаиҵахьан, убри аҟынтә, уи збоз аҿари, арҵаҩцәеи рацәан, аха аус аҿы, ара инхо ҳахьтә 5-ҩык роуп адиктант аҩра зҭаххаз. Иҳанхәозеи абри? Ари иаангоит, аԥсуаа ҳбызшәа уамак ҳшашьҭам, ацәажәара ада, аус аҿы ҳшахамыҵгыло, иара убас, хатәы бызшәала аҩраҿы ҳашхьысҳау.

Даара сгәыӷуан адиктант зыҩуа еиҳахап ҳәа, аха ус акәзаргьы, иара ахҭыс мҩаԥысит, аус злоу аринахыс арҿиара ауп. Иахьатәи аамҭазы, аматериалтә бзазра аҳра анауа, имариам абызшәатә политика аԥхьагылара аманы аҟалара. Схәыцуеит, адиктант аҭыԥан акредитқәа ҳшоит рҳәазҭгьы, уи аиуразы агәаран заҟаҩ ықәгыларыдаз? Усҟан уахь анеирҭагьы соуамызт хымԥада, аха адиктант аҩраҿы аҭыԥқәа ҭацәны иаанхеит. Ус акәзаргьы, гәкажьра ҟамҵакәа, алашрбагаа ари аус ӡырыргароуп аринахысгьы, уи азы ҳарҭ ажурналистцәагьы адгылара раҳҭароуп.

Джордж Хьюитт (George Hewitt) - британский кавказовед, профессор Школы восточных и африканских исследований Лондонского университета. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Хьиуитт: абызшәа аӡра амҩа ианымларц азы мҩак амоуп - уи аԥсышәала ацәажәара

Акырынтә асоциалтә даҟьа Феисбук аҿы исыҩхьан, ибзиан ҳчынуаа еизагны адиктант дҳарҩыр ҳәа. Иахьагьы ус сгәы иаангоит, избанзар, ҳәынҭқарратә бызшәала  аҩышьеи аԥхьашьеи ззымдыруа ачынуаа ҳразҟы рыӡбарц иашьҭоуп. Аамҭак аԥхьа Абызшәатә политиказы  акомитет абзоурала ачынуаа рзы еиҿкааз абызшәатә "ликбез" лҵшәа дук амоуит, аԥара ақәхарџьуп ҳамҳәозар. Ари шьақәирӷәӷәеит иахьа акомитет напхгара азҭо Баҭал Ҳагәышь сабшала ицо адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҿы данаҳҭаз.

Исыздыруам урысшәала ҳчынуаа шыҩуа, иҟалап Пушкин ибызшәаҿгьы ахаҳә еиҟәырымжәозар, аха дара ируалуп аҳәынҭқарратә бызшәа адырра, убри аҟынтә садгылоит ҷыдала ачынуаа рзгьы иаарту адиктант амҩаԥгара. Раԥхьатәи адиктант аҿы 10-ҩык алахәзаргьы, ари ахҭыс ҳара иаҳнарбоит еиҵагыло аҿар рыбжьара Инал Габлиа иеиԥш, ҳбызшәа арҿиаразы аидеиа змоу шыҟоу.

Адиктант схы алархәуа хаҭала хықәкыс исымаз аҩра шыздыруа ауаа идсырбарц акәмызт, хықәкыс исыман аиҿкааҩцәа рус адгылара, иара убас, ахԥышәара, ахәыҷра азыгьежьра.  Акы заҵәык, сгәы иаангомызт, абриаҟара апатриотизм иалацәажәо амилаҭ, абас рхатәы бызшәа хырҩа азыруеит ҳәа, Аԥсны ҟьаҟьа дуӡӡа ԥсышәала адиктант аҩра 5-ҩык рыда аҩра рзымгәаӷьызар ииашаҵәҟьаны ҳмилаҭтә хдырра арыцхара иҭагылоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0