Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҩӡба: алхрақәа рнахара хәҩык адепутатцәа ақәшаҳаҭымзу, ма рыҽныркылоу еилкаам

© Sputnik / Томас ТхайцукАжурналист Бадраҟ Аҩӡба
Ажурналист Бадраҟ Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажурналист Бадраҟ Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны ахада иалхрақәа аҿҳәара анахаразы Аԥсны Жәлар реизараҟны аӡбамҭа шрыдыркылаз атәы.
Аҩӡба: алхрақәа рнахара хәҩык адепутатцәа ақәшаҳаҭымзу ма рыҽныркылу еилкаам

Аԥсны Жәлар реизара аилатәараҟны аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рнахаразы аӡбамҭа рыдыркылеит лаҵара 28 аҽны.

"Аԥсны Жәлар реизара аилатәараҟны еиуеиԥшым азҵаарақәа ықәгылан, аха зегь реиҳа ихадаз Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа ԥхынгәы 21 аҟынтәи нанҳәамза 25 рахь аиагара акәын. Ус еиԥш иҟоу аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵахьан Аԥсны ахадеи аоппозициа амчрақәеи лаҵарамза 21 рзы. Аилатәара мҩаԥысуан ажурналистцәа аламырхәӡакәа. Аилатәара иалахәыз 30-ҩык адепутатцәа рҟынтәи 25- ҩык ақәшаҳаҭхеит, егьырҭ рыҽныркылоу мамзаргьы арыцхә аиагара иақәшаҳаҭымху еилкааӡам. Адепутатцәа аӡәызаҵәык иҳәеит ибжьы шеимҭаз азакәан апроект", - иҳәеит Аҩӡба.

Аԥсны Апарламент алхрақәа рыҿҳәара анахаразы аӡбра аднакылеит

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Ажәабжьқәа зегьы
0