АҞӘА, лаҵара 28 – Sputnik. Аԥснытәи аспортсмен Денис Саманба дыҩны 100 километрак инаӡоз урыстәылатәи аультрамарафон "Elton Ultra 2019" дахысит, аҩбатәи аҭыԥгьы ааникылеит. Абри атәы радио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит.
"Аҵыхәтәантәи ашықәсыбжа азыҟаҵаҩ дсыманы абри аиԥхныҩлара сҽазыҟасҵон. Сҽазыҟаҵарақәа ирылҵшәахеит иацы Урыстәыла иналукааша аиԥхныҩлараҿы аҩбатәи аҭыԥ аанкылара. 100 километрак сара жә-сааҭки бжаки рыла сахысит", - иҳәоит Саманба.
Саманба иеиҭеиҳәеит 64-тәи акилометр данахысуаз уара ахԥатәины унеиуеит ҳәа иарҳәаз иара оумашәа ишибаз. Афиниш аҿы аҩбатәины инеира зынӡа дақәгәыӷӡомызт.
Аԥхьа инеизи Дениси аамҭала 11 минуҭ рыбжьахеит. Аиԥхныҩлара мҩаԥысуан асакарабжа аҭагылазаашьа змоу Волгоградтәи аобласти Ҟазахстани рыбжьаратәи аҭыԥ аҿы.
Аультрамарафон "Elton Ultra 2019" – Урыстәыла иахьаҵанакуа асакарабжатә ҭыԥ аҿы имҩаԥырго изаҵәыку еиԥхныҩлароуп.