Ашьапылампыл азы амилаҭтә команда аилазаара еиҿкаауп

© Sputnik / Томас ТхайцукАшьапылампыл азы Аԥсны еизгоу амилаҭтә команда
Ашьапылампыл азы Аԥсны еизгоу амилаҭтә команда - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ConIFA аверсиала ашьапылампыл азы Европа ачемпионат мҩаԥысраны иҟоуп ареспублика Арцах аҳҭнықалақь Степанакерт рашәара 1-9 рзы.

АҞӘА, лаҵара 29 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашьапылампыл азы Аԥсны еизгоу амилаҭтә команда азыҟаҵаҩ хада ишьақәирӷәӷәеит акоманда аилазаара. Абри атәы аанацҳауеит ашьапылампыл азы Аԥсны Афедерациа апресс-маҵзура.

Акоманда аилазаараҿ иҟоуп: амбахьчаҩцәа - Инал Қацәба, Илиа Шьчерба, ахьчаҩцәа - Лев Ҭарба, Георги Жанаа, Лев Бабурин, Асҭамыр Ҵышәба, ахьчаҩбжацәа - Ҭемыр Агрба, Шабаҭ Логәуа, Тарас Ҳагба, Гига Бениӡе, Виктор Ԥимԥиа, Даур Ҷанба, Ака Званбаиа, Алан Хугаев, Даниил Чрыгба, Гәдиса Смыр, Роман Зикрач, ажәылаҩцәа - Дмитри Маскаев, Рамин Барцыц, Данило Арӡынба.

Аԥсны еизгоу акоманда ConIFA-2019 рҽазыҟарҵоит - Sputnik Аҧсны
Европаҟа зымҩа хоу: Аԥсны еизгоу акоманда ConIFA-2019 рҽазыҟарҵоит

Уаанӡатәи адыррақәа рыла Ницца, Сардиниа, ДЖәР, ЛЖәР ркомандақәа ачемпионат изалахәхом.

Агәыԥ А аҿы ихәмаруеит: Аԥсны, Чамериа (Албаниа), Сапми (Лапландиа), Арцах. Агәыԥ Б: Паданиа (Италиа), Секеитәи атәылаҿацә (Румыниа), Мраҭашәаратәи Ермантәыла (Ҭырқәтәыла), Аахыҵ Уаԥстәыла.

ConIFA аверсиала ашьапылампыл азы Европа ачемпионат мҩаԥысраны иҟоуп ареспублика Арцах аҳҭнықалақь Степанакерт рашәара 1-9 рзы.

ConIFA шьаҭаркын рашәара 7 2013 шықәса рзы. Еиднакылоит FIFA иалам ашьапылампылтә командақәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0