Европаҟа зымҩа хоу: Аԥсны еизгоу акоманда ConIFA-2019 рҽазыҟарҵоит

© Sputnik / Акоп КущянАԥсны еизгоу акоманда ConIFA-2019 рҽазыҟарҵоит
Аԥсны еизгоу акоманда ConIFA-2019 рҽазыҟарҵоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны еизгоу акоманда аԥхьа ишьҭоу ConIFA-2019 аверсиала Европа ачемпионат аҽазыҟаҵашьа шцо, атурнир ахь ацаразы ргәалаҟара шыҟоу атәы шәаԥхьа Sputnik Аԥсны аматериал аҿы.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Ареспубликатә стадион аҟны Аԥсны еизгоу ашьапылампылтә команда аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагоит. Аԥсуа шьапылампыласыҩцәа Арцах рцара аламҭалаз адәаҿы рҽеимадашьақәа аус рыдырулоит, разыҟаҵаҩ иреиҳәоит досу дахьыҩша, иҽшааиртыша.

Беслан Аджинджал - Sputnik Аҧсны
Аџьынџьал: ConIFA-2019 Аԥснытәи акоманда аилазаара ҿыц ала иалахәхоит

Аԥсны еизгоу ашьапылампылтә команда азыҟаҵаҩ хада ицхырааҩ Беслан Гәыблиа иажәақәа рыла, ркоманда иалоуп 24-ҩык аспортсменцәа.

"Аицлабрахь 18-ҩык адәаҿы ихәмаруеи ҩыџьа амбахьчаҩцәеи цоит. Аха урҭ рахьтә ачемпионат иалахәхо арбақәан макьана аҳәара уадаҩуп", - азгәеиҭеит иара.

Иахьатәи амш азы хҩык ашьапылампыласыҩцәа ироуз аахақәа ирыхҟьаны ҳкоманда иалалаӡом. Урҭ Наур Кәыҵниеи, Алмас Ҩардани, Леон Ҭаниеи роуп иҳәеит Беслан Гәыблиа.

"Ҵыԥхтәи ачемпионат аҟны ҳкоманда иалахәыз ирҿурԥшуазар, уажәы ҳара аҿарацәа рацәаны иадҳаԥхьалеит, аилазаара ҳаԥсахит 60% рыла", - иҳәеит азыҟаҵаҩ ицхырааҩ.

ConIFA-2019 аверсиала Европа ачемпионат ахь рцара аламҭалаз аҵыхәтәантәи азыҟаҵара мҩаԥыргоит лаҵара 29 рзы. Ахәмаррақәа ҟалоит рашәара 2, 3, 4 рзы, иҳәоит Гәыблиа.

© Sputnik / Акоп КущянАԥсны еизгоу акоманда ConIFA-2019 рҽазыҟарҵоит
Европаҟа зымҩа хоу: Аԥсны еизгоу акоманда ConIFA-2019 рҽазыҟарҵоит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны еизгоу акоманда ConIFA-2019 рҽазыҟарҵоит

Ачемпионат иалахәу акомандақәа зегьы ӷәӷәоуп ҳәа рыԥхьаӡоит ҳаизгаҿы.

"Акомандақәа реиҳарак рыхәмаршьа зеиԥшроу ҳаздырӡом. Арцах ахәмарцәа ракәзар, урҭи ҳареи аиҩызаратә хәмаррақәа мҩаԥаҳгахьан, дареи ҳареи гәыԥк аҟынгьы ҳаиқәшәеит", - азгәеиҭеит Гәыблиа.

Уаанӡа еилкаахеит Ницца, Сардиниа, ДЖәР, ЛЖәР еизгоу ркомандақәа еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны Арцах имҩаԥысуа ConIFА аверсиала Европа ачемпионат ишзалахәымхо.

Ашьапылампыл адәы - Sputnik Аҧсны
Акомандақәа ԥшьба ConIFA ачемпионат ахь инеиуам

Акомандақәа ԥшьба рыҟамзаара инадҳәаланы уаанӡа еиҿкааз агәыԥқәа ԥшьба ҩ-гәыԥкны еихыршеит.

Убас, агәыԥ А иаҵанакуеит: Аԥсны, Чамериа (Албаниа), Сапми (Лапландиа), Арцах. Агәыԥ Б: Паданиа (Италиа), Секеитәи атәылаҿацә (Румыниа), Мраҭашәаратәи Ермантәыла (Ҭырқәтәыла), Аахыҵ Уаԥстәыла.

Аԥсныи Чамериеи ачемпионат аҟны раԥхьатәи ахәмарра мҩаԥыргоит. Аартра ацеремониа ҟалоит рашәара 1 азы. Афинал мҩаԥысраны иҟоуп Степанакерт рашәара 9 рзы.

Ихьыԥшым ашьапылампылтә ассоциациақәа рконфедерациа ConIFA аԥҵан рашәара 7, 2013 шықәсазы. Уи еиднакылоит FIFA официалла иалахәым еизгоу ашьапылампылтә командақәа. Урҭ рхыԥхьаӡара 40 рҟынӡа инаӡоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0