Атәыла ахада иалхразы ауснагӡатәқәа рымзартә план шьақәыргылоуп

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАтәыла ахада иалхра
Атәыла ахада иалхра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп 2019 шықәса нанҳәа 25 рзы.

АҞӘА, лаҵара 29 – Sputnik, Бадри Есиава. Атәыла ахада иалхразы ауснагӡатәқәа рымзартә план шьақәыргылоуп ҳәа лаҵара 29 рзы Sputnik иазеиҭеиҳәеит ААК ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.

"Апарламент иаднакылаз аӡбамҭақәа инарықәыршәаны, ҳара уаанӡа иазҳархиахьаз ауснагӡатәқәа рыплан аиҭакрақәа алаагалеит", - иҳәеит Гогьиа.

Аԥсны Апарламент алхрақәа рыҿҳәара анахаразы аӡбра аднакылеит>>

Амзартә план инақәыршәаны аԥшьгаратә гәыԥқәеи апартиақәеи ашәҟәы рҭагалара ахацыркра лаҵара 22 аҟынтәи рашәара 26 ахь ииагахоит. Ашәҟәы аҭаҩра хыркәшахоит рашәара 11 рзы акәымкәа, ԥхынгәы 16 рзы.

Председатель ЦИК Абхазии Тамаз Гогия на пресс-конференции на АГТРК  - Sputnik Аҧсны
ААК атәыла ахада иалхра аҿҳәара аиҭакразы: ҳусура иаԥырхагам

Акандидатцәа ашәҟәы рҭаҩра иалагоит рашәара 26 рзы, ауснагӡатә хыркәшахоит ԥхынгәы 16 рзы.

Алхрақәа рымш аҽны абжьыҭира мҩаԥысуеит асааҭ 8:00 инаркны асааҭ 20:00 рҟынӡа. Аихшьаалақәа хымш рыҩнуҵҟа имҩаԥгатәуп, нанҳәа 28 рҟынӡа.

Рауль Ҳаџьымба лаҵара 22 рзы аоппозициаа рықәгылара ашьҭахь ажәалагала ҟаҵаны, Апарламент ахь инеишьҭит Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан "Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхразы" аԥсахрақәа ралагаларазы азакәан апроект.

Ҳаџьымба инапы аҵеиҩит алхрақәа рыҿҳәара анахаразы Аконституциа азакәан аԥсахрақәа>>

Лаҵара 28 рзы Аԥсны Апарламент иаднакылеит аӡбамҭа атәыла ахада иалхрақәа нанҳәа 25 рахь ииагазарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0